Гагра араион аҟны ахаланаԥхгараҭаратә мчрақәа рахь алхрақәа мҩаԥысуеит

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаГагра алхрақәа мҩаԥысит
Гагра алхрақәа мҩаԥысит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гагра араион аҟны 25 алхратә ҭыԥ хадақәа рҿы, араионтә Еизарахь алхрақәа мҩаԥысуеит.

ГАГРА, мшаԥы 3 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Араионтә Еизара 25 ҭыԥ рахь ркандидатурақәа ықәгылоуп 63-ҩык акандидатцәа.

Иазгәаҭатәуп абиԥара еиҳабы инарываргыланы, сынтәатәи алхрақәа ишрылахәу аҿар рацәаҩны. Иара убас фҩык аҳәса. Ԥасатәи Аизараҟнытә ҩаԥхьа ркандидатурақәа ықәгылоуп жәеизаҩык.

Алхырҭатә ҭыԥ. - Sputnik Аҧсны
Афон Ҿыц ақалақь аҿы адепутатцәа ралхрақәа амҩаԥысра иаҿуп

Алхратә ҭыԥ хадақәа хԥа рҟны ашәҟәы иҭагалоуп хәҩык-хәҩык акандидатцәа, алхратә ҭыԥ хадак аҟны — ԥшьҩык, алхратә ҭыԥ хадақәа хԥа рҟны хҩы-хҩы, алхратә ҭыԥ хадақәа жәибжь рҟны ҩыџьа-ҩыџьа, алхратә ҭыԥ хадак аҟны аӡәы.

Ахаланаԥхгараҭаратә мчрақәа рахь алхрақәа рзы азакәан инақәыршәаны, алхратә ҭыԥ хадақәеи, алхратә ҭыԥқәеи, алхратә комиссиақәеи рхаҭарнакцәеи, акандитадцәа рҟнытә анаԥшыҩцәеи алхратә ҭыԥ хадақәеи алхратә ҭыԥқәеи рахь инеит ашьыжь асааҭ быжьба рзы.

Сааҭк аҩнуҵҟа алхратә ҭыԥ хадақәеи алхратә ҭыԥқәеи зегьы азыхиан раԥхьатәи алхыҩцәа рыдкылара. Дара аусура иалагеит асааҭ ааба рынахыс.

Гагратәи алхратә ҭыԥ хадақәеи алхратә ҭыԥқәеи рхантәаҩцәа изларҳәо ала, ашьыжь инаркны алхыҩцәа активла иааиуа иалагеит.

"Асааҭ ааба рынахыс ажәиԥшьтәи алхратә ҭыԥ хада иаҵанакуа алхратә ҭыԥ №1 иаднакыло иалагеит раԥхьатәи алхыҩцәа. Асааҭ жәаба реиԥш агәарам иқәгылозгьы ҟалеит. Уажәазы, иаҳҳәарц ҳалшоит, ари алхратә ҭыԥ аҟны алхрақәа мҩаԥысит ҳәа", — азгәалҭеит ажәиԥшьтәи алхратә ҭыԥ хада иаҵанакуа актәи алхратә ҭыԥ ахантәаҩы Лиудмила Тарнаа.

Акандидатцәа рҟнытә анаԥшыҩцәа разгәаҭарала аилагарақәа ыҟаӡам.

Цандрыԥшь ахырхарҭаҟны иҟоуп алхратә ҭыԥ хадақәа жәба. Араҟагьы ахантәаҩцәа излаҳаилдыркааз ала, алхрақәа еилагарада имҩаԥысуеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0