Гамсаниаԥҳа: ажәа ԥшӡақәа рнаҩсангьы, аус ииашаны имҩақәҵалатәуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАпарламент.
Апарламент. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар реизара аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Емма Гамсаниаԥҳа, Аԥсны адемографиа аҭагылазаашьазы лгәаанагара ҳацеиҩылшеит.

АҞӘА, мшаԥымза 8 — Sputnik, Сырма Ашәԥҳа. Азакәанҭҵаара аганахь ала исҳәарц исҭаху, еиуеиԥшым аамҭақәа рзы, хырхарҭа рацәала иҳадаҳкылаз азакәанқәа ыҟоуп. Аҵыхәтәантәи аамҭазы, адемографиа аганахь ала иҳадаҳкылеит азакәан "Ани ахшареи рзинқәа рыхьчара, урҭ рыцхраара".

Ари азҵаара, еиуеиԥшым агәаанагарақәагьы цәырнагеит ҳҳәынҭқарраҿы. Азакәан, зны аус ианаԥырхагоу ыҟоуп, зны иара ашҟа уанхьанарԥшуа ыҟоуп. Иагу иабзоу ыҟазаргьы, ҳахшыҩқәа еилаҵаны иҳариашаша азҵаарақәа рацәаӡоуп, аԥхьаҟа иҵегьы имҩақәҵатәуп, иҭҵаатәуп.

Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Жәлар Реизара аҵыхәтәантәи аԥхьарала аԥҳәыс лҽырбгара мап ацәнакит

Адемографиа азҵаара иазҿлымҳам уаҩ дыҟоуп ҳәа сыҟаӡам иахьа. Уи даара ихьаа дуны иҳамоуп зегьы. Ҳазлацәажәо азҵаара аҟны, азакәан ԥшра иарбану? Ахԥатәи ахәыҷы даниуа ҳәа иҳадаҳкылаз азакәан 50 нызқь мааҭ шиоура ҳәа азгәаҭоуп. Макьана ишахәҭоу аусура иаламгаӡац.

Азҵаара цәырҵуеит раԥхьа ииз, аҩынтә раан ииз ҳәа. Ахшара рныҟәгара зылшо, амал змоу ауаа рыхшара рхыԥхьаӡара маҷуп. Ақыҭақәа рыҟны инхо, ахныҟәгара зцәыуадаҩу аҭаацәарақәа, урҭ ахшара рацәа рықәыԥсоит. Аԥсҭазаара, зегьы ԥышәак-ԥышәак ҳнаҭахьеит. Агхақәа еснагь иҟан, иахьагьы иҟоуп.

Аинтеллигенциа ҳаидтәаланы, иҵару азҵаарақәа шьҭыхны ҳрылацәажәалароуп, иарбан зҵааразаалак акы хьысҳаны иаанаҳмыжьроуп. Аҳәынҭқарра инаҷыданы, адемографиа адгылара аус аҟны "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" иҟанаҵо рацәоуп.  Асоциалтә ҟазшьа змоу апроектқәа еиҿнакаауеит, уи аԥсҭазаара иаланарҵәоит. Ҳдиаспора рхаҭарнакцәеи ҳареи ҳаидгылароуп ари аус аҟны.

Ажәлар ателехәаԥшра иахәаԥшуеит. Зегьы рнапқәа рҟны агазеҭқәа неиртә еиԥш аҭагылазаашьа ыҟам. Аԥсуа телехәаԥшрала аԥсышәала адырраҭарақәа еиҿкаалатәуп. Узлацәажәаша атемақәа рацәаӡоуп, ауаа рҟынӡа инарҭбааны инагалатәуп. Ажәа ԥшӡақәа рнаҩсангьы, аус ииашаны имҩақәҵалатәуп. 


Ажәабжьқәа зегьы
0