"Ауадҳара" - зыԥсы ҭоу аӡы

© Sputnik / Томас Тхайцук"Ауадҳара" аҟаҵашьа.
Ауадҳара аҟаҵашьа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи ауарашршырҭа зауад аиҳабы Амра Ануаԥҳа иазгәалҭеит "Ауадҳара" адунеи аҟны еицырдыруа егьырҭ аӡыхәшәқәа иаарылукаартә иҟоуп ҳәа.

Sputnik, Роберт Џьапуа

"Ауадҳара" Аԥсны еиҳа рхы иадырхәо, ирылаҵәаны иҟоу минералтә ӡуп. Иара иахыҵхырҭоуп ахьӡ захьӡу, абольнеологиатә курорт Ауадҳара.

Аминералтә ӡы ҭрыжьуеит Аԥсны азауадқәа. Урҭ ируакуп Аҟәатәи ауарашыршырҭатә зауад 2015 шықәса рзы иара иҭнажьит 7 000 декалитр аминералӡы.

"Ҳара иҳамоуп аԥышәа ду. Уи асовет аамҭақәа рҟынтәи ахы акуеит. Ҳзауад аҟынтәи вагонла аминерал ӡы рышьҭуан Асовет еидгыла егьырҭ ареспубликақәа рахь", — лҳәеит азауад адиректор Амра Ануаԥҳа.

"Ауадҳара" амаҭәашьареилазаара ауаҩытәыҩсатә организм ашьарҿиара функциа иацхраауеит, ахшыбаҩ аусура еиӷьнатәуеит. Амаҭәашьар бор алазаара ақьамсарҩачымазара аӷьара арццакуеит.

Ачашә шәҳәеи!

Аминералтә ӡы "Ауадҳара" рхы иадырхәоит асанаториақәеи абальнеологиатә хәышәтәырҭақәеи рҟны. Ҩныҵҟала адкылараан еиуеиԥшым аҩныҵҟатәи ачымазарақәа: ацачымазарақәа, акьатеичымазарақәа, аколитқәа, аентероколитқәа, агәаҵәачымазара уҳәа рыхәышәтәра иазырхоуп.

Анџьныр-технолог Георги Ҭарба иажәақәа рыла аминералтә ӡы "Ауадҳара" ыҵыҵуеит арха Ауадҳара иахьаҵанакуа. Уантәи иара ааргоит иҷыдоу, имжьакцо автоцистернақәа рыла.

"Аӡы аагоит лаҵарамза инаркны цәыббрамзанӡа. Уахь анеиразы амҩақәа аартнаҵы", — иҳәеит Ҭарба.

Азауад ахь иааргаз аӡы ахьшәашәарҭаҟны иҵәахуп. Уахь амра ацыԥхьқәа ирнеирҭамзароуп, иҷыдоу атемпература ыҟазароуп.

Иааргаз аӡы алабараториаҟны анализ иахыргоит.

Аӡы аихырԥсаҟьарахь инаргаанӡа арыцқьага иҭрыжьуеит. Нас идәықәырҵоит азриҵәҵәыратә газ ахьацырҵо – астуратор ашҟа. Урҭ рышьҭахь – аԥаҭлыкақәа адезинфекциа рзызуа, аӡҭаҭәара иазыхиоу амеханизм ахь.

Абри амҩаҟынгьы алабораториа маҷ ыҟоуп. Уи, аԥаҭлыкақәа ирҭаҭәоу аминерал ӡы ахаҭабзиара гәанаҭоит.

Ихиоу аԥаҭлыкақәа аетикеткақәа рыддырҷаблоит.

Амра Ануаԥҳа лажәақәа рыла "Ауадҳара" адунеи аҟны еицырдыруа егьырҭ аӡыхәшә́́қәа "Виши Селестен", "Боржоми" реиԥш иҟоу иаарылукаартә иҟоуп.

"Ауадҳара" ахархәара бзиа амоуп ареспублика аҩныҵҟаиԥш анҭыҵгьы. Урыстәылатәи Афедерациахьгьы експорт ҳасабла ирышьҭуеит. Азауад анапхгара аминерал ӡы аҭыжьратә цәаҳәа еиҳа-еиҳа идырҭбаауеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0