Жәлар Реизара адепутат Алмас Џьапуа имашьына ԥжәеит

© Sputnik / Томас ТхайцукПодрыв машины.
Подрыв машины. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Мшаԥымза 16 асааҭ 18:21 рзы, Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху ашҭаҟны иԥжәеит Жәлар реизара адепутат Алмас Џьапуа имаҵзуратә автомашьына. Аԥжәара аламҭалаз Џьапуа амашьына дҭыҵхьан.

АҞӘА, мшаԥымза 18 — Sputnik. Мшаԥымза 16 асааҭ 18:21рзы, Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху ашҭаҟны иԥжәеит Жәлар реизара адепутат Алмас Џьапуа имаҵзуратә автомашьына Таиота. Абри атәы ааицҳауеит аҭыԥ аҟынтәи ҳкорреспондент Роберт Џьапуа.

Адепутат ихаҭа ааха имоуӡеит. ААР (МВД) аминистр Леонид Ӡаԥшьба иажәақәа рыла ԥсыҭбара ҟамлеит.

"Амашьына аԥжәара зыхҟьаз макьана еилкаам. Уажәы аҭыԥаҟны аоператив-ԥшааратә усурақәа ирҿуп", — иҳәеит аминистр.

Аԥжәара иахҟьаны ахәрақәа лоуит ааигәа ииасуаз Лиудмила Цалова. Ааигәа игылаз автомашьынақәагьы аахақәа роуит.

Аусурақәа мҩаԥысуеит аумҭа ҟазҵаз рышьақәыргыларази раанкыларази.

Ажәабжьқәа зегьы
0