"Диоскуриа" ахаҿқәа ҩба

© Sputnik Томас ТхайцукДиоскурия
Диоскурия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аилак "Абхазская Ривьера" адиректор Алиса Гәлариаԥҳа иаҳзеиҭалҳәеит аресторан "Диоскуриа" апроект атәи иара аргылара иадҳәалоу апроблемақәа ртәи.

Sputnik, Саид Барганџьиа.

2011 шықәса рзы Аԥсны аҭоурых-культуратә усбарҭеи Аилак "Абхазская Ривьереи" ирыбжьарҵеит аиқәшаҳаҭра. Уи инақәыршәаны 49 шықәса аобиект (ажәытәтәи аресторан "Диоскуриа") ахархәара азин ҟалон.

Аилак "Абхазская Ривьера" ахаҭарнакцәа Акультура аминистррахь ажәалагала ҟарҵеит аиқәшаҳаҭра аԥсахрақәа алагалазарц.

Акультура аминистрра аиқәшаҳаҭра аҿҳәара ацҵара мап ацәыркит. Абри атәы лҳәеит акультура аминистр Ельвира Арсалиаԥҳа аминистрраҟны иҟоу анаука-методикатә хеилак аилатәараҟны.

Азҵаара ахә

"Абхазскаиа Ривьера" адиректор Алиса Гәлариаԥҳа иҳалҳәеит дара рнапаҿы ишырку аус зуа аиқәшаҳаҭра, 49 шықәса аҿҳәара змоу.

"Сара сгәы иаанагон аиқәшаҳаҭра аиҭадкылара аҭахуп ҳәа аха азиндырыҩцәа исарҳәеит исымоу аиқәшаҳаҭра аус шауа 49 шықәса. Аобиект аҭоурыхтә баҟақәа ишрыҵаркуа дырны даара маршәла ҳазнеиуан, аха аҽазнык адокументқәа зегь реиқәыршәара даара иуадаҩуп", — лҳәеит Гәлариаԥҳа.

© Фото : предоставлено Алисой ГуларияПроект ресторана "Диоскурия"
Проект ресторана Диоскурия - Sputnik Аҧсны
Проект ресторана "Диоскурия"

Лара лажәақәа рыла аргылара иалагаанӡа агидротехникатә усурақәа мҩаԥгатәуп, аҟазауаа адыԥхьалатәуп.

"Ҳара акоммерциатә феида мацара ҳашьҭам. Ҳара аҭоурых-культуратә баҟа еиҭашьақәҳаргылоит. Иҳаргыло аресторан зтәу аҭоурых-культуратә Усбарҭоуп, ҳара иара аренда иаагоит ауп" — лҳәоит лара.

Лара ишылҳәаз ала имҩаԥыргахьоу аусурақәа жәохә миллион мааҭ рыхҭнырҵахьеит.

Иахьазы арендатә шәара шықәсык ахь жәохәнызқь мааҭ артәоит.

© Фото : предоставлено Алисой ГуларияПроект ресторана "Диоскурия"
Проект ресторана Диоскурия - Sputnik Аҧсны
Проект ресторана "Диоскурия"

"Аха, аресторан аныргылахалак ашьҭахь, ахыбра ахәԥса аҟынтәи х-процентк шәалатәуп. Ус анакәха, ахыбра ахә 80 миллион мааҭ итәозар, аренда ахәԥса 240 нызқь мааҭ артәоит", — лҳәеит лара.

Лара лажәақәа рыла аресторан уаанӡатәи аԥшроуп иаиуа, уи аԥшаҳәаҟынтәи иубарҭахом. Абаагьы ахаҿԥшра еиҭанакуам.

Ажәабжьқәа зегьы
0