Аԥснынтәи Иерусалимҟа амца ԥшьа аҟәырҷаха аагаразы амҩа иқәлеит

© AFP 2023 / AHMAD GHARABLI Иерусалим. Архивтә фото.
Иерусалим. Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амца анҩеилак ашьҭахь Аԥснытәи аныҳәарҭақәа рахь аныҟәаҩцәа Шәачаҟа ачартертә реис ала ихынҳәуеит Амшаԥ аламҭалазы амца ԥшьа аҟәырҷаха рыманы.

АҞӘА, мшаԥымза 21 — Sputnik, Наала Аҩӡыԥҳа. Аԥснынтәи аныҳәарҭақәа рахь аныҟәаҩцәа Иерусалимҟа амҩа иқәлеит Амшаԥ аламҭалазы амца ԥшьа аҟәырҷаха аагаразы. Абри аидеиа цәырыргеит Рауф Ҳаразиеи Леуан Адлеибеи.

"Ҳара Аԥшьа дгьыл, Анцәа иншьан ауахәамаҿ ҳаҟазаараан иҳазцәырҵит 2016 шықәса рзы, Амшаԥ ныҳәаз Иԥшьоу амца Аԥсныҟа агаразы Афонд аԥҵара аидеиа. Урыстәылагь иҟоуп Андреи Аԥхьанаԥхьа Ифонд. Ҳара иаҳҭаххеит ҳажәлар ирыцеиҩаҳшарц Аныҳәа ду", еиҭеиҳәоит Леуан Адлеиба.

Аԥсуа Иашахаҵаратә уахәама аиҳабы аиереи Виссарион аныҟәаҩцәа рымҩа иԥшьеит, иара убасгьы иԥшьеит Анцәасахьақәа хԥа. Урҭ рҟынтәи ҩба ҳамҭас Иерусалим иҟоу Москватәи апатриархат адоуҳатә миссиеи Иерусалимтәи Апатриархи ирыҭахоит, ахԥатәи – аџьартә ныҟәара иахганы Аԥсныҟа идырхынҳәуеит.

Аб Виссарион ари аныҟәара Аԥсназы иныҳәа дууп ҳәа ишьоит.

"Анцәа даҳхылаԥшааит, Анцәа дырхылаԥшааит ҳажәлар зегьы. Ҳажәеи ҳуси акызааит. Аилибакаара ҳауааит", — иҳәоит иара.

Аб Виссарион, Иерусалим Амца ԥшьа агылараан иҟаз. Иҳәоит ицәаныррақәа жәала рҳәара шыуадаҩу.

"Избоз ҳәашьа амам. Анцәа имҵаныҳәара ашьҭахь ацәашьы акуеит. Жәҩантәи мусхәуп. Аҽазныкгьы агәра хоуҵоит ажәҩан аҟынтәи шакәу ишаауа", — иҳәоит иара.

Аԥсуа телехәаԥшра ажурналист Манана Кокосқьырԥҳа ҳныҟәаҩцәа Иерусалим рыҟазаара амшқәа зегь ҭылхуеит, нас иазлырхиоит адокументалтә фильм.

Амца анҩеилак ашьҭахь Аԥснытәи аныҳәарҭақәа рахь аныҟәаҩцәа хәҩык Шәачаҟа ачартертә реис ала ихынҳәуеит Амшаԥ аламҭалазы Амца ԥшьа аҟәырҷаха рыманы.

Ажәабжьқәа зегьы
0