Асахьаҭыхыҩцәа ҿарацәа рцәыргақәҵа "Аҿара аамҭа" Гәдоуҭа иаартын

© Sputnik / Томас ТхайцукАсахьаҭыхыҩцәа ҿарацәа рцәыргақәҵа "Аҿара аамҭа".
Асахьаҭыхыҩцәа ҿарацәа рцәыргақәҵа Аҿара аамҭа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Асахьаҭыхыҩцәа ҿарацәа рцәыргақәҵа "Аҿара аамҭа" ақалақь Гәдоуҭа имҩаԥган, еизнагеит 50 инареиҳаны асахьақәа.

АҞӘА, мшаԥымза 22 — Sputnik, Анжелика Бениаԥҳа. Ацәыргақәҵа "Аҿара аамҭа" еизнагеит 50 инареиҳаны асахьақәа 19-ҩык асахьаҭыхыҩцәа рҿынтә ахәаша. Асахьаҭыхыҩ қәыԥш, ацәыргақәҵа алахәыла Ирма Амҷԥҳа ахәбатәи акурс Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә Университет аҟны аҵара лҵоит. Асахьаҭыхҩы лажәақәа рыла лара лзы ас еиԥш иҟоу ацәыргақәҵақәа ԥышәа бзиоуп.

"Сара сусумҭақәа еиҳарак апеизажтә жанр ахь иаҵанакуеит. Аԥсабара атыхра еиҳа бзиа избоит. Ацәыргақәҵаҟны ицәыргоуп х-усумҭак акварельла, ҩ-усумҭак ҿыханҵоуп. Ацәыргақәҵа аҽалархәра сара сзы ԥышәа бзиоуп, избанзар егьырҭ асахьаҭыхыҩцәа срабадыруеит, дареи сареи ҳусумҭақәа ҳрылацәажәоит", – ҳәа лҳәеит Амҷԥҳа. 

Асахьаҭыхҩы, анҭыҵтәи ахәыҷқәа рааӡарҭа аиҳабы, арҵаҩы Аслан Лакоба иазгәеиҭеит, ишкол аушьҭымҭацәа русумҭақәа рыла ишеизҳаз умбар залшом ҳәа.

"Алахәылацәа рыбжеиҳараҩык ҳашкол аужьҭымҭацәа роуп. Урҭ рахьтә иҟоуп ҳҳәынҭқарратә университет астудентцәа, аучилишье аҟны аҵара зҵогьы. Иахьатәи русумҭақәа рыла иумбартә залшом ишеизҳаз", – иҳәеит Лакоба. 

Аҿар рырҿиаратә центр "Асаркьал" анапхгаҩы Ахра Анқәаб иажәақәа рыла асахьаҭыхыҩцәа ҿарацәа рцәыргақәҵа арҿиара иадҳәалоуп, аҿар ргәазыҳәара ашьҭыхреи, рӡыргареи, рыцхыраареи ирызкуп.

"Гәдоуҭатәи ателехәаԥшреи "Асаркьали" ҳаиҿцәажәарала ԥхынгәы инаркны, ҩымчыбжь рахьтә знык аефирахь ицон "Аҿара аамҭа" ҳәа асахьаҭыхыҩцәа ҿарацәа ирызкыз адырраҭара. Ус 7 дырраҭарак аефир ахь ицеит. Апроект ҿыц иҭагӡаны 19-ҩык алахәылацәа еизган", – ҳәа иҳәеит Анқәаб.

© Sputnik / Томас ТхайцукВыставка молодых художников "Аҵара аамҭа"
Выставка молодых художников Аҵара аамҭа - Sputnik Аҧсны
Выставка молодых художников "Аҵара аамҭа"

Иара излеиҳәо ала, алахәылацәа реиҳараҩык рзы ари раԥхьатәи цәыргақәҵан.

"Сгәы иаанагоит цәыкәбар хәыҷӡак иадамхаргьы алахәылацәа гәазыҳәара маҷӡак рынаҭап ҳәа. Ҳԥеиԥш аҿар роуп ҳәа ҳҳәоит, ус анакәха, аҿар рывагылара, рыцхыраара аҭахыуп", – ҳәа иҳәеит Анқәаб.

Ахра Анқәаб аҿарацәа рцәыргақәҵа есышықәсатәихап ҳәа дақәгәыӷуеит.

"Иахьа адунеи зегьы иазгәарҭоит жәларбжьаратәи адгьыл амш. Ҳаԥсҭазаара, ҳадгьыл еиқәзырхо аԥшӡара ауп, ҳәа ҳажәа иалаҵаны иаҳҳәоит. Ус анакәха, иаҳгәиҭоуп ари асахьаҭыхыҩцәа ҿарацәа рцәыргақәҵа шықәсык знык, мшаԥымза 22 аҽны амҩаԥгара", – ҳәа иациҵеит Анқәаб.

Асахьаҭыхыҩцәа ҿарацәа рцәыргақәҵа "Аҿара аамҭа" ҽнак заҵәык ауп иахьаартыз.


Ажәабжьқәа зегьы
0