Дмитри Ӷәазаа автоеиԥхныҩларақәа дрылахәхоит

© Фото : из архива Дмитрия ГвазаваАԥсуа авторныҟәаҩ Дмитри Ӷәазаа
Аԥсуа авторныҟәаҩ Дмитри Ӷәазаа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа авторныҟәаҩ Дмитри Ӷәазаа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Шәача имҩаԥысуа FORMULA 1 Гран-при аҳәаақәа ирҭагӡоу аиндаҭларақәа дышрылахәхо.

АҞӘА, мшаԥымза 29 – Sputnik, Саид Барганџьиа. Раԥхьаӡа акәны Гәдоуҭатәи арԥыс Дмитри Ӷәазаа ихы алаирхәуеит Шәача имҩаԥысуа акласс Mitjet 2L иаҵанакуа, FORMULA 1 Гран-при аҳәаақәа ирҭагӡоу аиндаҭларақәа.

Ӷәазаа иажәақәа рыла иазыԥхьагәаҭоуп аиндаҭларақәа жәаф автомобил рылахәра.

"Сара схәыҷаахыс автоеиԥхныҩларақәа бзиа избон. Саб ианиасҳәа саԥирҟәҟәааит, аха аидеиа сааннажьуамызт. Саныҩеидас уи аус сазыхынҳәит. Иахьазы сара исхықәку аспорт азҟаза ҳәа ахьӡ аиура ауп", — иҳәеит иара.

Класс Mitjet 2L Франциа ацәыргахеит 2012 шықәса рзы. Иахьа Mitjet 2L акыр ирылаҵәоуп Франциа, Италиа, Германиа, Урыстәыла, США. Аиндаҭларақәа ирылахәхоит 40 машьына рҟынӡа.

© Фото : из архива Дмитрия ГвазаваАвтогонщик Дмитрий Гвазава
Автогонщик Дмитрий Гвазава - Sputnik Аҧсны
Автогонщик Дмитрий Гвазава

Асерии Mitjet дашьаҭаркҩуп Франциатәи аспортсмен Жан-Филипп Даиро. Урыстәыла асерии Mitjet апромоутерс иҟоуп аилахәыра Arctic Energy.

MITJET 2L акласс иатәу автомашьынақәа рымчхара 260 ҽы-мчы ыҟоуп, рыкапан 750 килограмм ыҟоуп, абылтәыҭра ахышәа-ҵышәа 37 литра.

Ажәабжьқәа зегьы
0