Аҟәаа аҿыцрақәа рҭахуп

© Sputnik Владимир БегуновАҭыԥантәи афото.
Аҭыԥантәи афото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Адраматә театр "Асклад" аҟны Аԥсны акреативтә ҿар рыбжьы азырҭиит еиҳа ирзымхоны ҳәа ирбо.

АҞӘА, мшаԥымза 29– Sputnik, Владимир Бегунов. Мшаԥымза 28 рзы адраматә театр "Асклад" аҟны имҩаԥысит амастер-класс: "Лаԥшылатәи аҟазара алагалареи иара адкылара адгылареи – еиуеиԥшым атәылақәа рԥышәа". Алекциа мҩаԥылгеит акультуразы Швеицариатәи Ахеилак лаԥшылатәи аҟазара адепартамент ахада Марианна Бурке. Алекциа азыӡырыҩцәа ирыӡбеит бжьыҭирала Аҟәа шеиҿкаатәу аӡбра.

Швеицариатәи асахьаҭыхыҩ Аԥсны даҭаан дыҟоуп

Швеицариатәи аҟазара аспециалист еиуеиԥшым атәылақәа рсахьаҭыхыҩцәеи лареи русеицура атәы далацәажәеит. Марианна Бурке лажәақәа рыла ҳаамҭазтәи аҟазара аларҵәара ицәырнагар алшоит аимак-аиҿак.

Асахьаҭыхыҩцәеи аҵарауааи рыбжьара. Амастер-класс аан лара еизаз ирыдылгалеит гәыԥла рыҽшаны ақалақь аиҿкааразы ридеақәа цәырыргарц, нас урҭ иреиӷьу бжьыҭирала иалырхырц.

Аидеиақәа рацәан, аԥшаҳәаҟны ихәыда-ԥсадоу Wi-Fi инаркны ҩ-еихагылак иҟоу ацҳа Басла ахҵара аҟынӡа. Аха зегь раасҭа аинтерес аҵоуп ҳәа иалыркааит: амаланыҟәамҩақәа, афуникулиор аиҭашьақәыргылара, аҩнқәа рыҭӡқәа рҟны графитти асахьақәа, асахьаҭыхыҩцәа рҟазарҭақәа раартра.

Ажәабжьқәа зегьы
0