ConIFA абилеҭтә программа абанк-лахәыла имҩаԥнагоит

© Sputnik Томас ТхайцукАстадион "Динамо".
Астадион Динамо. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
FIFA иалам амилаҭтә командақәа рыбжьара ConIFA ашьапылампылтә чемпионат азы ирҭираны иҟоу абилеҭқәа рзеиԥш хыԥхьаӡара 85 000 цыра ыҟоуп.

АҞӘА, лаҵарамза 13 – Sputnik, Роберт Џьапуа. FIFA иалам амилаҭтә командақәа рыбжьара ConIFA ашьапылампылтә чемпионат азы ирҭираны иҟоу абилеҭқәа рзеиԥш хыԥхьаӡара 85 000 цыра ыҟоуп. Абилеҭқәа рыҭира мҩаԥнагараны иҟоуп акоммерциатә банк “Амра-банк”. Абри атәы иҳәеит абанк адиректор Михаил Чалмаз.

"Абилеҭқәа заатәи рыҭира мҩаԥысуеит абанк аофисқәа рҟны. Ахәмарра амш азы астадионқәа рҟны", — иҳәеит Чалмаз.

Иара убасгьы абилеҭқәа ашәаратә терминалқәа рыла иҿоуҵар алшоит.

Аԥсны Ашьапылампыл азы афедерациа Апрезидент Руслан Аџьынџьал иаҳзеиҭеиҳәеит "Амра-банки" дареи русеицура шьаҭаны ишамоу аусеицуразы ҩ-ганктәи аиқәшаҳаҭра.

"Афедерациа иамам абанк иамоу алшарақәа: аԥарақәа шԥаршеим агәаҭага, дара абилеҭқәа ргәаҭага, акассақәа. Уи адагьы "Амра-банк" адунеи ачемпионат иалахәылан иԥхьаӡоуп", — иҳәеит иара.

Чалмаз иазгәеиҭеит абилеҭқәа рыхә 200 инаркны 700 мааҭ рҟынӡа шартәо. 12 шықәса рҟынӡа зхыҵуа ахәыҷқәа рзы — хәыда-ԥсадахоит.

Арежиссиор Ҭемур Кәакәасқьыр.. - Sputnik Аҧсны
Ачемпионат арежиссиор далхуп

"Ачемпионат аартраан – 500 мааҭ; агәыԥтә матчқәа раан – 200 мааҭ; афиналхәҭақәа раан – 250 мааҭ; афиналбжақәа раан – 400 мааҭ; ахԥатәи аҭыԥ азы ахәмаррақәа раан – 300 мааҭ; ачемпионат аркреи афиналтә хәмаррақәеи — 700 мааҭ", — иҳәеит абанк анапхгаҩы.

FIFA иалам амилаҭтә командақәа рыбжьара ConIFA ашьапылампылтә чемпионат азы ирҭираны иҟоу абилеҭқәа рзеиԥш хыԥхьаӡара 85 000 цыра ыҟоуп.

Лаҵарамза 28 рзы ачемпионат аартхоит. Лаҵарамза 29 рзы иалагоит ахәмаррақәа. Ахәмаррақәа мҩаԥысраны иҟоуп аҳҭнықалақь астадион "Динамо" аҟны. Мышкы ала имҩаԥысраны иҟоуп ахәмаррақәа ԥшьба. Рашәарамза 5 рзы афиналтә матч мҩаԥгахоит. Аицлабрақәа рҟны аиааира згаз акомандақәа аԥхьахәқәа ранашьара ацеремониа мҩаԥысуеит рашәарамза 6 рзы, ачемпионат алахәылацәа рыҩныҟақәа рыхынҳәра амшаз.

ConIFA Анагӡаратә еилакы аилатәараҟны, 2015 шықәса ԥхынгәы 8 рзы, еицҿакны рыбжьы рҭиит 2016 шықәса рзы адунеитә Чемпионат Аԥсны имҩаԥысырц.

Ажәабжьқәа зегьы
0