Гагратәи астадион аҿы аремонттә усурақәа ааигәа ихыркәшахоит

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаГагратәи астадион аҿы аремнттә усурақәа ааигәа ихыркәшахоит
Гагратәи астадион аҿы аремнттә усурақәа ааигәа ихыркәшахоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гагратәи астадион аҟны имҩаԥысуа аремонттә-аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ахырқәшарахь инеиуеит

ГАГРА, лаҵара 17 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Мышқәак рышьҭахь, Гагратәи астадион аҟны имҩаԥысуа аремонттә-аиҭашьақәыргыларатә усурақәа хырқәшахоит.

Ҩымз ирылагӡаны, астадион административтә хыб аԥсахразы аусурақәа мҩаԥган, иҿаҵан ашәқәа аԥенџьырқәа, иқәҵоуп адашьма. Ахыб хада иацҟаҵоуп аконференц зали, аӡбаҩцәа руадеи, ашьҭаҵарҭатә уаҭахқәеи. Ҿыц акапиталтә ремонттә усурақәа мҩаԥгоуп, насгьы рышьақәгылашьа ԥсахуп аҽеиҭакырҭа уадақәа, аҽыкәабарҭақәа, аҩнуҵҟатәии адәахьтәии ашьышьмақәа. Шьаҭанкыла иԥсахуп афымцатәи аӡымҩангагатәи цәаҳәақәа, ацрыӡтә система.

"Агәрагара ҳамоуп асабшанӡа аусурақәа зегьы шхырқәшахо. Иахьазы нап аркуп астадион административтә хыб аҿаԥхьа акаҭран ақәҭәара. Уаҵәы ишьақәыргылахоит атабло, атрибунаҟны аҟәардәқәа. Анаҩс аҵакырадгьыл аиҿкаара ҳалагоит, иқәаҳгоит агәамсам", — иҳәеит акапиталтә-ремонттә усурақәа мҩаԥызго, аргыларатә фирма "Гагра строи Гранит" аиҳабы Нодар Хәарцкиа.

Астадион ахыбра акапиталтә ремонт иақәырӡу ахарџь, атәыла анапхгара ахахьы иагеит, аҵакыра дгьыли атрибунеи Гагра араион Ахадара.

Араҟа усурақәа цонаҵы, лассы-лассы агәаҭарақәа мҩаԥыргон, Аԥсны анапхгареи Гагра араион Ахадареи рхаҭарнакцәа.

Ишәгәалаҳаршәоит, ҳазҭоу амза анҵәамҭазы Гагратәи астадион ишаднакыло CONIFA ахылаԥшрала имҩаԥысуа ашьапылампыл асразы адунеитә чемпионат.

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаГагратәи астадион аҿы аремнттә усурақәа ааигәа ихыркәшахоит
Гагратәи астадион аҿы аремнттә усурақәа ааигәа ихыркәшахоит - Sputnik Аҧсны
Гагратәи астадион аҿы аремнттә усурақәа ааигәа ихыркәшахоит

Араҟа асасцәа рыдкыларазы иазԥхьагәаҭоуп аҭахрақәа зегьы.

Ажәабжьқәа зегьы
0