Амҳаџьырцәа ргәалашәара амш иазкны аспектакль "Симра" ықәдыргылеит

© Sputnik Томас ТхайцукСпектакль Симра.
Спектакль Симра. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара амш аҽны Аԥсны Жәлар рпоет Рушьбеи Смыр ипоема "Симра" иалху аспектакль Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аҧсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҿы иқәыргылан.

АҞӘА, лаҵ 21 – Sputnik, Рада Ажьиԥҳа. Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара амш аҽны Аԥсны Жәлар рпоет Рушьбеи Смыр ипоема "Симра" иалху аспектакль Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аҧсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҿы иқәыргылан. Ари аҭоурыхтә поема иҳанаҳәоит Кавказ ажәларқәа ирхыргаз атәы. Ахҵәара иахҟьаны жәларык рықәыӡӡаара аҭоурых.

"Иахьатәи амш азы даҽакала ҳгәы ԥшаауеит ҳара. Ари аспектакль иаҳгәаланаршәеит ҳабдуцәа, ҳандуцәа, ҳҭаацәа иаҳзеиҭарҳәоз, дара реиҳабацәа знысыз  аҭоурыхтә мҩа. Ҳара еснагь иҳацуп ҳара ҳхьаа, ҳҭоурых", — ҳәа иҳәеит "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" ахантәаҩы, ҳџьынџьуаҩ Сонер Гогәуа.

Рушьбеи Смыр иҭоурыхтә поема "Симра" аҟны XIX-тәи ашәышықәса аҩбатәи азбжазы Кавказ иҟаз аубыхцәа рхырҵәара хлымӡаах аҭоурых аныԥшуеит. Уи зыхьӡынҩылоу аубых ҭыԥҳа Симра дыҟаҵәҟьоуп. Апоема асиужет хыҭхәыцааӡам, апоет Рушьбеи Смыр Аԥсны жәлар аибашьраҿы аиааира анырга, Ҭырқәтәыла аԥсуа диаспора гәырӷьаҿҳәаша иманы данрызца лара уаҟа ҭырџьманра изылуан, 22 шықәса лхыҵуан. Симра апоет диазҵааит "ҳҭоурых зеиԥшроузеи, сыжәлар абас изырлахьынҵахазеи?" ҳәа. Уи лызҵаарақәа рҭак аҟаҵара иахҳәаахеит игәыҭшьаагоу апоемагьы. Апоема 207 куплет рыла ишьақәгылоуп.

Рушьбеи Смыр иҭоурыхтә поема "Симра" зыхьӡынҩылоу аубых ҭыԥҳа Симра ари аспектакль апремиера анымҩаԥысуаз дыҟан Аԥсны. Аспектакль ықәлыргылеит арежиссиор Мадина Аргәынԥҳа, Симра лроль налыгӡеит –Хьыбла Мықәԥҳа, апоет Рушбьеи Смыр ироль –Даур Арухаа.

"Ари аспектакль сыхәмарцыԥҳьаӡа  сылабжышқәа сзаанкылом, еиҳа-еиҳа исныроит ҳажәлар рхьаа, еиҳа сытәнатәоит, еиҳа исзааигәахоит", — ҳәа азгәеиҭеит, апоет Рушбьеи Смыр ироль назыгӡоз Самсон Ҷанба ихьӡ зху аԥсуа драматә театр актиор Даур Арухаа.

Аспектакль ашьҭахь, асааҭ 19:00 рзы, абаҟа аҿаҧхьа иалагоит ахәылҧазтәи апрограмма, иара убри аамҭазы раҧхьаӡа акәны иӡыргахоит агәаларшәара амш символра азызуа ацәашьы-ашьамаҟа.

Асааҭ 20:30 рзы, амшын ихҵахоит ацәашьқәеи, ашәҭқәеи.

XIX ашәышықәсазы, еиуеиԥшым аҭоурыхтә мзызқәа ирыхҟьаны зықьҩыла аԥсуаа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ааныжьны Ҭырқәтәылаҟа имцар ада ԥсыхәа рымамызт. Аԥсуаа амҳаџьырцәа рхылҵшьҭрақәа 50 тәыла рыҟны инхоит. Хыԥхьаӡара рацәала аԥсуа диаспора Ҭырқәтәыла инхоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0