Аԥснытәи амилаҭтә шьапылампылтә команда шәҵатәыла еиқәшәоуп

© Foto / Сырма АшәԥҳаАԥснытәи амилаҭтә шьапылампылтә команда шәҵатәыла еиқәшәоуп
Аԥснытәи амилаҭтә шьапылампылтә команда шәҵатәыла еиқәшәоуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иахьа, "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" ахада Сенер Гогәуа, ашьапылампылазы еизгоу Аԥснытәи амилаҭтә команда ахәмарыҩцәа рзы ҷыдалатәи ашәҵатәы азыҟаҵаҩ хада Џьума Кәарацхьелиеи, акоманда ахәмарыҩцәа Георги Жанааи Ҭарашь Ҳагбеи иранеишьеит.

АҞӘА, лаҵарамза 21 — Sputnik, Сырма Ашәԥҳа. Иахьа, "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" ахада Сенер Гогәуа, ашьапылампылазы еизгоу Аԥснытәи амилаҭтә команда ахәмарыҩцәа рзы ҷыдалатәи ашәҵатәы азыҟаҵаҩ хада Џьума Кәарацхьелиеи, акоманда ахәмарыҩцәа Георги Жанааи Ҭарашь Ҳагбеи иранеишьеит. 

"Ҳара даара гәахәала иҳадаҳкылоит Аԥсны имҩаԥысраны иҟоу жәларбжьаратәи ашьапылампылтә чемпионат ConIFA. Ҳара ҳфонд ахьӡала аҳамҭақәа шәызҳархиарц ҳаӡбеит, агәра ҳгоит ас еиԥш зыҩаӡара ҳараку ачемпионат аҟны қәҿиара дула шәшықәгыло, Аиааира шышәзыԥшу!",- ҳәа азгәеиҭеит Сонер Гогәуа.

Аԥснытәи амилаҭтә  шьапылампылтә команда азыҟаҵаҩ хада Џьума Кәарацхьелиа ҭабуп ҳәа реиҳәеит "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" ахаҭарнакцәа, хаҭала уи анапхгаҩы Сонер Гогәуа.

"Сара агәра ганы сыҟоуп афиналтә хәмаррахь ацәырҵра шҳалшо. Ҳшьапылампыл асыҩцәа азыҟаҵара ҳаракы рымоуп, ахәмарраҿы лҵшәа бзиала рхы аадырԥшырц азы", — иҳәеит Џьума Кәарацхьелиа. 

Ишәгәалаҳаршәоит, Маи 28 рзы, Аԥсны ишаатуа ашьапылампыл азы ConIFA адунеизегьтәи ачемпионат 2016

Ажәабжьқәа зегьы
0