Арратә округ амаҵзурауаа иаалырҟьаны адҵа роуит

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ.
Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ урыстәылатәи арратә база иаалырҟьаны ирыҭаз адҵала иргылан, ҳәа аанацҳауеит Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура. Агәаҭарақәа мҩаԥыргон аштаб афицарцәа. Дара иазгәарҭон арратә еилазаара азыҟаҵара аҭагылазаашьа, иаарласӡаны рнап ианҵоу адҵақәа рынагӡашьа.

АҞӘА, лаҵарамза 26 — Sputnik. Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ урыстәылатәи арратә база иаалырҟьаны ирыҭаз адҵа инақәыршәаны иргылан, ҳәа аанацҳауеит Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура.

"Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ урыстәылатәи арратә база иаалырҟьаны иргылан. Агәаҭарақәа мҩаԥыргон аштаб афицарцәа. Дара иазгәарҭон арратә еилазаара азыҟаҵара аҭагылазаашьа, иаарласӡаны рнап ианҵоу адҵақәа рынагӡашьа", ҳәа арбоуп апресс-реализ аҟны.

Апресс-маҵзура аинформациала ауснагӡатә иалахәын 500 инареиҳаны амотохысыҩцәа, 100 инареиҳаны атехника ҷыда: абронетранспортиорқәа БТР-82А, акәылӡтәы машьынақәа "КамазМустанг".

Ар реиҭаҵраан ақыҭақәеи ашьхареи рҟны рдыррақәа аадырԥшуан. Автомабилтә колоннақәа рмашьынарныҟәцаҩцәа ашьха ӡиасқәеи аҭҳәаақәеи ирхысуан, ҷыдала ирыҭаз аԥынгылақәа ирҿысуан.

Ахысратә полигон аҟны ахархәара рыман агранатаршәгақәа РПГ-7, автомат АК-74, аснаипертә винтовкақәа "Винторез", аршьаҟатә пулемиотқәа "Печенег" егьырҭ абџьар хыкқәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0