Еилаԥсоу еизаку ақәԥаразы аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит Пицунда

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаЕилаԥсоу еизаку ақәԥаразы аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит Пицунда
Еилаԥсоу еизаку ақәԥаразы аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит Пицунда - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Еилаԥсоу еизаку ақәԥаразы аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит Пицундатәи абокс аклуб аҟны.

ГАГРА, лаҵара 26 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Гьаргь Блаб ихьӡ зхыу Пицундатәи абокс аклуб аҟны, еилаԥсоу еизаку ақәԥарақәа рзы Нхыҵ-Кавказтәи акоманда имҩаԥнагоит аспорттә ҽазыҟаҵарақәа.

Жәамш ирылагӡаны, Гьаргь Блаб ихьӡ зхыу Пицундатәи абокс аклуб аҟны еилаԥсоу еизаку ақәԥарақәа рзы 23-ҩык Нхыҵ-Кавкатәи аспортсменцәа рҽазыҟарҵоит.

Арра-спорттә хәмарра "Аиааира" мҩаԥысит Гагра

Убас Пицунда дыҟанаҵ, Даӷьсҭантәи ақәԥаратә клуб "Боевой орел" аспортсмен Курбан Ибрагимов ааԥхьара иоуит, Кувеит имҩаԥысуа аицлабрахь, уаҟа Америка иатәу аспортсмени иареи аԥхьахәтә ҭыԥ иазықәԥоит.

Иахьа Пицунда аҽазыҟаҵара иахысуа Курбан Ибрагимов иҩызцәа ргәы хыҭ-хыҭуа илҵшәақәа ирыцклаԥшуеит.

Аклуб "Боевой орел" иалоу даҽа спортсменк Залимбек Омаров иҽазыҟаиҵоит М1 акатегориала Бақәу имҩаԥысраны иҟоу атурнир.

Нхыҵ-Кавказтәи аспортсменцәа есыҽны, ари аспорт хкы иамадоу атехникақәа зегь рыла рҽазыҟарҵоит.

Аспорттә қәԥара иалубаауеит арҿыцрақәа, избанзар иара ҿиацыԥхьаӡа ицәырҵуеит аспорттә қәԥара ахк ҿыцқәа, иара убас ажәытә спорт хкқәа еиҭарҿыцхоит.

Еилаԥсоу еизаку ақәԥара, мамзаргьы, ажәлар рҟны ишырҳәо аԥҟара змам ақәԥара, иацуп атехникақәеи ахырхарҭақәеи рацәаны, иаҳҳәозар ақшаратә, ақәԥаратә.

Ари аспорт хкы макьаназы ҳтәыла иалаҵәам, аха уеизгьы Нхыҵ-Кавказтәи аҟазацәа ирыхәаԥшырц иааиуеит Аԥснытәи абоксиорцәа қәыԥшцәа. Дара еизыразны имҩаԥыргоит ирзеиԥшу аҽазыҟаҵарақәагьы.

"Еилаԥсоу еизаку ақәԥара, ишдыру еиԥш, даара иџьбароу спорт хкуп. Аха уеизгьы, аспортсменцәа ааӡара ҳаракы змоу, зҟазшьа наалоу роуп. Ҳара ҳбоксиорцәа ҿарацәа аҟазацәа ирҿырҵаауа рацәоуп. Азеиԥш ҽазыҟаҵарақәа рымҩаԥгара мап ацәымккәа, аԥсуа спортсменцәа иддырбоит ақәԥара иадҳәалоу ақшаратә техникақәа", — иҳәеит Гьаргь Блаб ихьӡ зху Пицундатәи абокс аклуб аиҳабы Валери Арлан.

Аԥсны аҽазыҟаҵара мҩаԥызго аспортсменцәа рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп зыхьӡ наҩхьоу Краснодари Ингуштәылеи аклубқәа рылахәцәагьы.

Ақәԥаҩцәа рықәра жәаа шықәса еиҳазароуп, аха араҟа иуԥылоит, зыԥсҭазаара ари аспорт хкы иадызҳәаларц згәиҭоу ақәыԥшцәагьы.

Аибашьратә хысрақәа ирылахәын Гагратәи ашколхәыҷқәа

Нхыҵ-Кавказ асасцәа Аԥсныҟа раара агәахәара ду рнаҭеит. Аҽазыҟаҵарақәа рнаҩс, дара ирымоуп алшара аԥсшьарамшқәа рхыгарагьы. Амшын ҭалара анаҩс аҿар ирзеиҿкаауп Аԥсны аҭыԥ ԥшӡарақәа рахь аныҟәарақәагьы.

"Аԥсны имҩаԥааго аҽазыҟаҵарақәа акырӡа иҳахәоит, иаҳԥеиԥшу аицлабрақәеи атурнирқәеи рҟны. Араҟа азҟазацәа инарываргыланы аԥышәа роуоит еилаԥсоу еизаку ақәԥарахь раԥхьатәи ашьаҿақәа ҟазҵо ақәыԥшцәагьы.

Аспортсменцәеи азыҟаҵаҩцәеи рыхьӡала иҭабуп ҳәа иасҳәоит Валери Арлан абас еиԥш аҩаӡара ҳаракы аманы аҽазыҟаҵарақәа рымҩаԥгареи аԥсшьара аиҿкаареи дахьазааԥсаз", — ҳәа агәаҳәара аарԥшуа иазгәеиҭеит Даӷьсҭантәи ақәԥаратә клуб "Боевой орел" азыҟаҵаҩ Надирбек Хабибов.

Гьаргь Блаб ихьӡ зхыу абокс азы аклуб акультуратә-гәабзиарачаԥарҭатә комплекс "Пицунда" ахыбраҟны иаартуижьҭеи ԥшьышықәса ҵуеит. Азыҟаҵаҩс дыҟоуп Гьаргь Блаб иԥа Виачеслав. Иахьа асекциахь иныҟәоит аиҵбыратәии аиҳабыратәии агәыԥқәа рахь 20-ҩык аспортсменцәа.

Дара изныкымкәа рхы рыладырхәхьеит Аԥсни уи анҭыҵи имҩаԥысуаз еиуеиԥшым атурнирқәа, иааныркылахьеит аԥхьахәтә ҭыԥқәа.

Ахәыҷтәы сахьақәа рцәыргақәҵа аартуп Гагра - Sputnik Аҧсны
Ахәыҷтәы сахьақәа рцәыргақәҵа аартуп Гагра

Ус Пицундатәи абокс аклуб ааӡамҭа Асҭамыр Еныкь Урыстәылазегьтәи атурнир аҟны 81 акапантә категориаҟны ихьчеит Урыстәыла аспорт азҟаза ахьӡ, акласс "А" ала.

Пицунда абокс аклуб лассы-лассы иаҭаауеит еицырдыруа абокс азҟазацәа.

Убас, араҟа аҟазатә классқәа мҩаԥыргахьеит, аҟазацәа рыбжьара ԥшьмаҟак змоу 2015 шықәсазы иреиӷьыу абоксиор ҳәа иалкааз Сергеи Ковалиови, абокс абзиабаҩцәа рыбжьара адунеи иачемпионхаз, Урыстәыла аспорт зҽаԥсазтәыз Андреи Гоголеви.

Иара убас, арахь иаалоит жәларбжьаратәи акатегориа аӡбаҩцәа.

"Сара 18 шықәса ҵуеит, Гьаргь Блаб ихьӡ зху атурнир аӡбаҩс сыҟоуижьҭеи. Аспортсменцәа зегьы гәахәара дула Аԥсныҟа иаауеит, избанзар араҟа рхы рыладырхәоит атурнирқәа, аицлабрақәа, ироуеит азыҟаҵара бзиеи аԥышәеи. Убри инаваргыланы, аспортсменцәа аҳауа зҩыда рнаалоит, ргәабзиара шьақәдыргылоит", — ҳәа инаҵишьит жәлабжьаратәи акатегориа аӡбаҩ Иури Черников.

21 шықәса ҵуеит СССР аспорт азҟаза, Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра алахәҩы, Гагра араион ахақәиҭтәраан иҭахаз, Леон иорден занашьоу Гьаргь Блаб игәалашәара ахьӡала Пицунда абокс азы атурнирқәа мҩаԥысуеижьҭеи. Уи иаднаԥхьалоит Аԥсни Урыстәылеи рҟнытә аспортсменцәа.

Есышықәса атурнир мҩаԥысуеит жьҭаарамзазы.

Ажәабжьқәа зегьы
0