Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ аруаа рҽазыҟаҵарақәа

© Sputnik / Сергей Пивоваров / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАрхивтә фото.
Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ аруаа арратә техникеи абџьари рыла ахысрақәа мҩаԥыргеит, ҳәа аанацҳауеит Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура.

АҞӘА, лаҵарамза 27 — Sputnik. Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ аруаа агәаҭарақәа рҳәаа иҭагӡаны арратә техникеи абџьари рыла ахысрақәа мҩаԥыргеит, ҳәа аанацҳауеит Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура.

"Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ урыстәылатәи арратә база иаалырҟьаны иргылан. Агәаҭарақәа мҩаԥыргон аштаб афицарцәа. Дара иазгәарҭон арратә еилазаара азыҟаҵара аҭагылазаашьа, иаарласӡаны рнап ианҵоу адҵақәа рынагӡашьа", ҳәа арбан уаанӡатәи апресс-реализ аҟны.

Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ. - Sputnik Аҧсны
Арратә округ амаҵзурауаа иаалырҟьаны адҵа роуит

Апресс-маҵзура аинформациала ауснагӡатә иалахәын 500 инареиҳаны амотохысыҩцәа, 100 инареиҳаны атехника ҷыда: абронетранспортиорқәа БТР-82А, акәылӡтәы машьынақәа "КамазМустанг".

Ахысратә полигон аҟны ахархәара рыман агранатаршәгақәа РПГ-7, автомат АК-74, аснаипертә винтовкақәа "Винторез", аршьаҟатә пулемиотқәа "Печенег", артиллериатә гаубицақәа Д-30 егьырҭ абџьар хыкқәа ҳәа аҳәоит адырраҟны.

Ар реиҭаҵраан ақыҭақәеи ашьхареи рҟны рдыррақәа аадырԥшуан. Автомабилтә колоннақәа рмашьынарныҟәцаҩцәа ашьха ӡиасқәеи аҭҳәаақәеи ирхысуан, ҷыдала ирыҭаз аԥынгылақәа ирҿысуан. Акәылӡылас атехникеи "аӷа" ирмчқәеи иреихсуан.

Ажәабжьқәа зегьы
0