Гал имҩаԥысит 36-тәи аиԥылара

© Sputnik / Томас ТхайцукАминистрцәа реилазаара.
Аминистрцәа реилазаара. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахҭысқәа раԥырҟәҟәааразы Амеханизм аҳәаақәа ирҭагӡаны ахәаша, лаҵарамза 27 рзы Гал имҩаԥысит 36-тәи аиԥылара.

АҞӘА, лаҵарамза 27 – Sputnik. Ԥшьышықәса раахыс раԥхьаӡа акәны Ахҭысқәа раԥырҟәҟәааразы Амеханизм аҳәаақәа ирҭагӡаны ахәаша, лаҵарамза 27 рзы Гал имҩаԥысит 36-тәи аиԥылара. Абри атәы аанацҳаит Адәныҟатәи аусқәа рминистрра.

Ареспублика Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адыррала аиԥылара иатема хаданы иҟалеит лаҵарамза 19 2016 шықәса рзы аԥсуа-ақырҭуа ҳәааҟны аҭыԥ змаз ахҭыс.

"Ақырҭуа ган аиԥылара алахәылацәа ирырҭеит аусҭҵааратә материалқәеи авидеонҵамҭеи. Иааидкыланы аиԥылара аконструктивтә ҟазшьа аманы имҩаԥысит. Иазыԥхьагәарҭеит ушьҭантәи аиԥылара мҩаԥгазарц 2016 шықәса ԥхынгәымзазы", ҳәа аанацҳаит Адәныҟатәи аусқәа рминистрра.

Аиԥылараҟны аԥсуа ган хадара аиҭон Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура ахантәаҩ ихаҭыԥуаҩ Владимир Арлан.

Аԥсуа ган аилазаара иалан: Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура Галтәи араионтә ҟәша аиҳабы Ҭимур Шьергелиа, Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура ацентртә аппарат аҟәша аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Ҟалӷьы, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Галтәи араионтә ҟәша аиҳабы Гиа Чачхиани, Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинформациа аҟәша аиҳабы Ҭенгьиз Ҭарба.

Ажәабжьқәа зегьы
0