Адунеи ашьапылампылтә чемпионат раԥхьатәи ахәмарра мҩаԥысит Гагра

© Sputnik / Саида ЖибаИгра Северного Кипра и Падании
Игра Северного Кипра и Падании - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Адунеи ашьапылампылтә чемпионат аҳәаақәа ирҭагӡаны раԥхьатәи ахәмарра мҩаԥысит Даур Ахвледиани ихьӡ зхыу Гагратәи астадион аҟны.

АҞӘА, лаҵара 29 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Иахьа лаҵара 29 рзы, Аԥсны Афырхаҵа Даур Ахвледиани ихьӡ зхыу Гагратәи астадион аҟны имҩаԥысит ConIFA ахылаԥшрала имҩаԥысуа адунеи ашьапылампылтә чемпионат раԥхьатәи ахәмарра.

Аиԥылара алагаанӡа, акомандақәеи еизаз асасцәеи бзиала шәаабеит ҳәа рарҳәеит Гагра араион Ахадара аиҳабы Заур Бганбеи Аԥсны аԥыза аминистр Артур Амқәаби.

"Ҳара ҳзы игәахәара дууп ашьапылампылтә хәмаррақәа рыхәҭак Гагра иахьымҩаԥысуа. Ҳахәҭакахьала, араҟа иаԥаҳҵеит аспортсменцәеи ашьапылампыл абзиабаҩцәеи рзы иахәҭоу аҭахрақәа, иазԥхьагәаҭоуп ршәарҭадара. Агәра ҳгоит ахәмаррақәа зегьы аҩаӡара ҳаракы рыманы ишымҩаԥысуа", — ҳәа азгәеиҭеит Гагра араион Ахадара аиҳабы Заур Бганба.

Аиԥылара аартын Аԥсни ConIFAи ргимн арҳәаралеи абираҟқәа рышьҭхралеи.

Адәаҟны еиԥылеит Аҩадатәи-Кипри Паданиеи ркомандақәа.

Ахәмарра актәи аихшара хырқәшан 1:0 ҳәа Паданиатәи акоманда аԥыжәара аманы.

Ахәмаррақәа реихшара абжьара асасцәа рҟазарыла идырлахҿыхит Гагра араион акультура аҟәша ашәаҳәаратәи акәашаратәи коллективқәа.

Ашьапылампылтә чемпионат раԥхьатәи аиԥылара хырқәшан 2:1 ҳәа Аҩадатәи Кипр аиааирала.

Аспортсменцәа адныҳәаларақәеи азеиӷьашьарақәеи рыдыркылеит Гагра араион Ахадареи аҭыԥантәи ашьапылампыл абзиабаҩцәеи рҟынтә.

Анаҩс, акомандақәа рхаҭарнакцәеи ажурналистцәеи алархәны имҩаԥган апресс-конференциа.

© Sputnik / Саида ЖибаИгры в Гагре
Игры в Гагре - Sputnik Аҧсны
Игры в Гагре

"Ҳара ҳкоманда алахәцәа раԥхьаӡакәны Аԥсны иааины иҟоуп. Араҟа зегьы ибзианы ҳрыдыркылеит. Ачемпионат аофициалтә аартреи иара иахьатәи ахәмарреи аҩаӡара ҳаракы аманы имҩаԥысит. Агәра ҳгоит, Аԥсны, адунеи ашьапылампылтә чемпионатқәа ҩаԥхьагьы ишеиҿкаалахо", — ажурналистцәа рызҵаара аҭак ҟаҵо иҳәеит Аҩадатәи Кипр акоманда акаԥдан Хасан Пиро.

Иахьатәи ахәмарра зықәымҿиаз Паданиатәи акоманда маҷк ргәалаҟазаара ԥсыҽхеит, аха уеизгьы Аԥсныҟа раара агәахәара ду рнаҭеит.

"Ҳара маҷк ҳааԥсаны ҳаҟан, насгьы ақәа ахьлеиуаз иаҳнырит. Аха ҳгәы каҳажьуам, уаҵәы ҳацхәмаруеит Рециатәи акоманда. Иҳалҳаршап ҳәа сгәы иаанагоит дара раԥыгара", — иҳәеит Паданиатәи акоманда азыҟаҵаҩ Мерло Артуро.

Гагратәи астадион иаҭааз аҭыԥантәи аспорт абзиабаҩцәа агәалаҟазаара бзиа роуит. Арҭ амшқәа рзы хәмаррак ҳауҳажьуам рҳәеит.

Иазгәаҭатәуп, есыҽны, Гагратәи астадион Ахадара ахыбраҟны аус шауа апресс-маҵзура. Аиԥыларақәа рышьҭахь, араҟа имҩаԥысуеит апресс-конференциақәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0