Агәаҭаратә концерт мҩаԥнагеит Гагратәи аҟазаратә школ

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаГагратәи аҟазаратә школ
Гагратәи аҟазаратә школ - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Агәаҭаратә концерт мҩаԥган Гагратәи аҟазаратә школ ааӡамҭацәа алархәны.

АҞӘА, рашәарамза 1 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Аҵара шықәс хырқәшо, Гагратәи аҟазаратә школ ааӡамҭацәа, рҵаҩцәеи рҭаацәеи рҿаԥхьа иаадырԥшит, шықәсык иалагӡаны ироуз адыррақәа. Ахәыҷқәа инарыгӡеит ашәақәа, акәашарақәа, иадырҳәеит аԥсуа милаҭтә налаҵаны амузыкатә инструментқәа, иара убас, афортепиано аҟны инарыгӡеит еицырдыруа акомпозиторцәа рырҿиамҭақәа.

Гагратәи аҟазаратә школ аҟны иаартуп афортепиано, аскрипка, жәлар ринструментқәа, аҿыханҵа, ахкынагӡара, ахореографиа аҟәшақәа. Араҟа аус руоит 20-ҩык аҟазара арҵаҩцәа.

"Ҳара ҳашкол ахь иахьазы иныҟәоит 500-ҩыҟ рҟынӡа ахәыҷқәа. Ҳаԥхьаҟа иаҳгәиҭоуп иҵегь аҟәшақәа рырҭбаара, иалаҳгалоит аԥсыԥтә инструментқәа рыҟәша, иара убас аскульптуреи. Агәаанагара ҳамоуп, усҟан ҳааӡамҭацәа рхыԥхьаӡара еиҳахап", — ҳәа азгәалҭеит Гагратәи аҟазаратә школ аиҳабы Белла Кокосқьериа.

Агәаҭаратә концерт иаҭааз зегьы, ахәыҷқәа рықәгылара агәахәара ду рнаҭеит. Анацәеи абацәеи рыхшара ирзааԥсо зегьы иҭабуп ҳәа рарҳәеит.

Гагратәи аҟазаратә школ ааӡамҭацәа, даара аҩабхатәра злоу хәыҷқәоуп, дара раԥхьаҟа, рнапы злаку рықәымҿиар залшом, ҳәа гәаанагарас ирымоуп рырҵаҩцәа.

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаАгәаҭаратә концерт мҩаԥган Гагратәи аҟазаратә школ ааӡамҭацәа алархәны.
Агәаҭаратә концерт мҩаԥган Гагратәи аҟазаратә школ ааӡамҭацәа алархәны. - Sputnik Аҧсны
Агәаҭаратә концерт мҩаԥган Гагратәи аҟазаратә школ ааӡамҭацәа алархәны.

Иазгәаҭатәуп, Гагратәи аҟазаратә школ 22 шықәса ахыҵакырҭа шамамыз, хыбрак аҟнытә даҽа хыбрак ахь ииасуан.

Ҩышықәса раахыс Гагра араион Ахадара абзоурала, аҟазаратә школ ииагоуп ԥасатәи ашкол "Альфа" ахыбрахь. Уи нахыс аҟазаратә школ инагӡаны аԥсы ахалеит ҳәа азырҳәоит арҵаҩцәа.

Ҵыԥхтәи ашықәс азы Аԥсны Жәлар рартистка, Урыстәыла Жәлар рартистка Хьыбла Гьерзмааԥҳа имҩаԥылгаз аконцерт аҟнытә, миллионки 430 нызқь мааҭи Гагратәи аҟазаратә школ иахылԥхьаӡалеит.

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаАгәаҭаратә концерт мҩаԥган Гагратәи аҟазаратә школ ааӡамҭацәа алархәны.
Агәаҭаратә концерт мҩаԥган Гагратәи аҟазаратә школ ааӡамҭацәа алархәны. - Sputnik Аҧсны
Агәаҭаратә концерт мҩаԥган Гагратәи аҟазаратә школ ааӡамҭацәа алархәны.

Арҭ аԥарақәа рхархәарала, иахьа, акапиталтә ремонт мҩаԥгоуп аҟазаратә школ ахԥатәи аихагылаҟны, иаартуп раԥхьатәи асахьаҭыхратә кобинет. Иара убас уантәи 50 нызқь мааҭ азоужьын ахореографиатә ансамбль "Гагрыԥшь" Урыстәыла имҩаԥысуаз афестиваль ахь адәықәҵаразы.

Гагратәи аҟазаратә школ анапхгареи арҵаҩцәеи ааӡамҭацәеи аҭаацәеи Хьыбла Гьерзмаа иҭабуп ҳәа ларҳәоит, ашкол иалҭаз ацыхрааразы.

Ажәабжьқәа зегьы
0