Дима Габелиа: аҭоурых агәалашәара ҳацзароуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАпоет қәыԥш Дмитри Габелиа.
Апоет қәыԥш Дмитри Габелиа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апоет қәыԥш Дмитри Габелиа ҳџьынџьуаа атәым ҳәынҭқаррақәа рҿы акырџьара иахьынхо инамаданы игәаанагара ҳацеиҩишеит.

Sputnik, Сырма Ашәԥҳа

Ҳара еснагь ихьаан иҳамоуп ҳмилаҭ реиҳараҩык рыԥсадгьыл иахьаҟәыгоу, адунеи атәым ҳәынҭқаррақәа иахьрылаԥсоу. Аха, егьа ус акәзаргьы, аԥсуаа адунеитә хсаала ианымӡааӡеит, иахьынӡауаз ала иҿиеит. Изланхаз амилаҭқәа рдоуҳатә культура инаркны, рмаҭәартә культура аҟынӡа, акыр анырра рырҭеит.

Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәаларшәаратә хәылԥазы мҩаԥыргеит - Sputnik Аҧсны
152 шықәса раԥхьа Кавказ ажәларқәа амҳаџьырра рхыргеит
 Изланхоз ажәлар рҳәынҭқарра аргылара рхы аладырхәит. Ҳара ҳдиаспораҿы иҟоуп ахаҭара дуқәа — аҳәынҭқарратә, ауаажәларратә усзуцәа, аҟазацәа, асахьаҭыхыҩцәа, ашәҟәыҩҩцәа уҳәа еиуеиԥшым азанааҭқәа змоу ауаа хатәрақәа. Дара ҳгәадурақәа роуп, Аԥсны ахьӡ ҭызго роуп, хылҵшьҭрала иаԥсацәоуп ҳәа рзырҳәоит.

Аха, ганкахьала, ҳара ҳзы уи гәхьаа дууп. Избанзар, абри амч, абри аҟазара, абри ахыԥша, абри аҟыбаҩ — абарҭқәа зегьы ҳаԥсадгьыл аҿы иҟазар алшон, еиқәхар, аус аур ҟалон. Убри ауп ҳара изаҳхьаау. Иахьа, ус уҳәар ауазар, ҳабжа шоуп. Ауаҩы ихы аус ауеит аҩганкгьы анеиқәшәо, ианеицыҟо.

Ҳара ҳхы акәзар, ҩыџьара ишоуп, ҳгәы акәзаргьы убас. Ҳабжа ҳамаӡам иахьа Аԥсны. Иахьынӡаҳалшо ала ҳҽеизааигәаҳтәроуп, ҳҽеимаҳдароуп, уаҳа ԥсыхәа ҳамаӡам. Ҳара зегь раԥхьа иргылоу ҳазҵаарақәа иреиуоуп адунеи иалаԥсоу ҳмилаҭ реизгара. Даҽа мҩакы ҳара ҳҭагылазаашаьаҿы аԥшаара ҟалаӡом.

Амҳаџьырра аҭоурых, ҳара ҳҭоурых адаҟьақәа иузаҟәымҭхо иануп. Аҭагылазаашьа аҽаԥсахыргьы, аполитика аҽеиҭанакыргьы, ҳара ҳҭоурых-ҳҭоурых ауп, уи ԥсахны ирҩашьаны ахҩылаара ауам. Иахьынӡауала ҳара ҳабиԥарақәа аиаша рымаҳдалароуп.

Ҳџьынџьуаҩ ду Орҳан Ашамба игәаларшәаратә хәылԥазы мҩаԥысит

Егьа иуадаҩзаргьы, егьа ҳхы ҳнархьыргьы, ҳгәы ҳнархьыргьы, иҳалҳаршароуп аиаша аибыҳәара. Ҳмилаҭ даҽазнык уи аҩыза ашәарҭара иҭагылартә еиԥш аҭагылазаашьа ҟамлароуп. Уи азы аус ҳуроуп, иалдоу амҩахәасҭақәа ырҭбаатәуп, амҩа иаша ҳанызароуп еснагь.

Ҳаҩныҵҟа гхақәак ҳамазаргьы, ҳаилибакааны арҽеишьа ҳақәшәароуп. Агәра ганы сыҟоуп иҳарҽеиуеит, иҳаӡбоит, иҳариашоит, еибаҳҳәоит, еибаҳҳәаз еицыҟаҳҵоит. Аҳәоу еиқәшәара ҳацзааит еснагь. Адунеи иалаԥсоу ҳмилаҭ рахь аԥшра, ҳаҩнду аҿы ҳҽеидкылара ҳазшаз иҳаҭәеишьааит.

Урҭ ржьара аҭахӡам, урҭ иҟоу аиаша раҳәатәуп. Ҳаԥсадгьыл аҿы иҟоу аҭагылазаашьа реилыркаатәуп. Аиаша иадгыло, ишьҭызкаауа, убри амч змоу ауаҩ иоуп изылшо. Зхы аиааира зылшо иоуп аԥсадгьыл иаҭахәу. Убри анцәа иҳалиршааит зегьы. Аҭоурых агәалашәара аҟәырҷахақәа ахааназы иаҳхамшҭааит.  

Ажәабжьқәа зегьы
0