Аԥсны еизгоу акоманда ашьапылампыл асыҩцәа Гәыԥтәи ашкол иаҭааит

© Foto / Сырма АшәԥҳаАԥсны еизгоу акоманда ашьапылампыл асыҩцәа Гәыԥтәи ашкол иаҭааит
Аԥсны еизгоу акоманда ашьапылампыл асыҩцәа Гәыԥтәи ашкол иаҭааит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны еизгоу акоманда ашьапылампыл асыҩцәа Алеқсеи Бондаренкои, Дмитри Кәартааи, Шабаҭ Лагәуеи "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" ахада Сонер Гогәуа аԥаратә ҳамҭақәеи аџьшьаратә шәҟәқәеи ранеишьеит, анаҩс дара афонд ахаҭарнакцәа ирыцны Гәыԥтәи ашкол иаҭааит.

АҞӘА, рашәарамза 8 — Sputnik, Сырма Ашәԥҳа. Аԥсны еизгоу ашьапылампылтә команда ахәмарыҩцәа зегьы қәҿиарала рхы аадырԥшит имҩаԥысуаз ахәмаррақәа зегьы рҿы. Убри инамаданы, "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" ахьӡала, уи ахада Сонер Гогәуа аԥаратә ҳамҭақәеи аџьшьаратә шәҟәқәеи ранеишьеит ашьапылампыл асыҩцәа: Алеқсеи Бондаренко, Дмитри Кәартаа, Шабаҭ Лагәуа. 

"Арҭ амшқәа рзы Аԥсны имҩаԥысуаз ачемпионат аҟны шәара ишәыбзоураны Аиааира ҳгеит. Аибашьраҿы ҳаԥсуа жәлар иргаз Аиааира иаҩызаны иҳадаҳкылеит. Ҳажәлар ракзаара, реидгылара, реиҩызара даҽазныкгьы агәра ҳнаргеит ҳаззымиааиуа акгьы шыҟам. Ишәзеиӷьасшьоит ақәҿиарақәа, аихьӡарақәа, еснагь Аиааира!", — иҳәеит Сонер Гогәуа.  

Ашьапылампыл асыҩцәа Сонер Гогәуа ҭабуп ҳәа иарҳәеит иҟаиҵаз ахаҵгыларазы, насгьы еицҿакны иазгәарҭеит: 

"Ҳара иаҳгаз Аиааира – Аԥсны жәлар зегьы риааира ауп. Ҳара ҳаҩны ҳаҟан. Ҳахәаԥшцәа рҿаԥхьа аҭакԥхықәра ду ҳадын. Ҳажәлар иҳадырҳәалоз агәыӷрақәа ҳрыԥсахар ҳҭахын. Иаҳмырԥхашьеит. Нцәаҵас иҳахәаԥшуан, ҳара ҳзы иныҳәон. Рныҳәаԥхьыӡ ҳақәшәеит. Шәарҭи ҳареи еицаҳгаз иааироуп. Ишәыдаҳныҳәалоит!", — ргәырӷьара ҳәаак амамкәа ргәаанагарақәа ҳацеиҩыршон ҳшьапылампыл асыҩцәа.

© Foto / Сырма АшәԥҳаҲшьапылампыласыҩцәа "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" ахада Сонер Гогәуа аԥаратә ҳамҭақәеи аџьшьаратә шәҟәқәеи ранеишьеит
Ҳшьапылампыласыҩцәа Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны ахада Сонер Гогәуа аԥаратә ҳамҭақәеи аџьшьаратә шәҟәқәеи ранеишьеит - Sputnik Аҧсны
Ҳшьапылампыласыҩцәа "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" ахада Сонер Гогәуа аԥаратә ҳамҭақәеи аџьшьаратә шәҟәқәеи ранеишьеит
 

Ихьыԥшым ашьапылампылтә ассоциациа аконфедерациа аԥшьгарала, лаҵарамза 28 инаркны рашәарамза 5-нӡа Аԥсны имҩаԥысуан ашьапылампыл азы Адунеи ачемпионат.  Уи иалахәын 12 команда. Ачемпионат афинал аҟны, Аԥсны еизгоу ашьапылампылтә команда Пенџьаб иахьацыхәмаруаз 6:5 ҳәа Аԥснытәи акоманда аԥыжәара агеит.  Убас ала, ConIFA аверсиала,  Аԥсны еизгоу ашьапылампылтә команда ҳтәылаҿы имҩаԥысуаз Адунеи ачемпионат аҿы аԥхьахәтә ҭыԥ иаԥсахеит. 

Иара убас "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" аусура хацнаркит апроект ҿыц "Агәамч". Иара афонд еснагьтәи проектуп, еизҳауа абиԥара аспорт абзиабара рылааӡара иазкуп. Ари апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны, есымза афонд ҳтәыла ақыҭа школқәа аспорттә маҭәахәқәа рыла еиқәнаршәоит. 

© Foto / Сырма АшәԥҳаҲшьапылампыласыҩцәа "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" ахада Сонер Гогәуа аԥаратә ҳамҭақәеи аџьшьаратә шәҟәқәеи ранеишьеит
Ҳшьапылампыласыҩцәа Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны ахада Сонер Гогәуа аԥаратә ҳамҭақәеи аџьшьаратә шәҟәқәеи ранеишьеит - Sputnik Аҧсны
Ҳшьапылампыласыҩцәа "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" ахада Сонер Гогәуа аԥаратә ҳамҭақәеи аџьшьаратә шәҟәқәеи ранеишьеит

Апроект "Агәамч" раԥхьатәи аусура хацнаркит Даур Сарсаниа ихьӡ зху Гәыԥтәи абжьаратә школ аҿы. Афонд ахада ихаҭыԥуаҩ Мақсим Гәынџьиа зхадараҿы дыҟаз аделегациа, Гәыԥтәи ашкол аҵаҩцәа ҳамҭас ирызнаргеит хкы рацәала аспорттә маҭәахәқәа. Афонд ахаҭарнакцәа ирыцны Гәыԥтәи ашкол иаҭааит иара убас Адунеи иачемпионцәахаз, Аԥсны еизгоу ашьапылампыл асыҩцәа Дмитри Кәартааи, Шабаҭ Лагәуеи. Хымԥада, Гәыԥаа рзы еиҳаракгьы ашкол аҵаҩцәа рзы уи акры зҵазкуаз хҭыс дуун. 

© Foto / Сырма АшәԥҳаАԥсны еизгоу акоманда ашьапылампыл асыҩцәа Гәыԥтәи ашкол иаҭааит
Аԥсны еизгоу акоманда ашьапылампыл асыҩцәа Гәыԥтәи ашкол иаҭааит  - Sputnik Аҧсны
Аԥсны еизгоу акоманда ашьапылампыл асыҩцәа Гәыԥтәи ашкол иаҭааит

Афонд ахьӡала Очамыратәи ахаҭарнак Демиан Гогәуа, Гәыԥтәи ашкол анапхгара, арҵаҩцәа, аҵаҩцәа, ақыҭа ахада Аинар Гармелиа, ҭабуп ҳәа рарҳәеит Сонер Гогәуа хадас дызмоу "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" ахаҭарнакцәа ашкол ианаршьаз аспорттә маҭәахәқәа рзы. Мақсим Ӷәынџьиа еизаз ирзеиҭеиҳәеит афонд имҩаԥнаго аусурақәа ртәы. Иҳәеит афонд ахықәкы хадақәа ишреиуоу аҿар еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла адгылара рыҭара. Убри аан азҿлымҳара шарҭо аспорт аус хкы. 

© Foto / Сырма АшәԥҳаАԥсны еизгоу акоманда ашьапылампыл асыҩцәа Гәыԥтәи ашкол иаҭааит
Аԥсны еизгоу акоманда ашьапылампыл асыҩцәа Гәыԥтәи ашкол иаҭааит  - Sputnik Аҧсны
Аԥсны еизгоу акоманда ашьапылампыл асыҩцәа Гәыԥтәи ашкол иаҭааит

Ашьапылампыл асыҩцәа Дмитри Кәартааи Шабаҭ Лагәуеи Гәыԥ ақыҭан рбара акыр еигәырӷьо, аихьӡарақәеи аманшәалареи рзеиӷьаршьеит. Ақыҭақәа рҿы аспорт аҿиара ацхыраара аҭара, хымԥада, уаҵәтәи аԥеиԥш лаша иазкуп. 

Ажәабжьқәа зегьы
0