Лӡааныхаҟны анцәаиашьаԥкра мҩаԥган

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаЛӡааныхаҟны анцәаиашьаԥкра мҩаԥган
Лӡааныхаҟны анцәаиашьаԥкра мҩаԥган - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны иаҵанакуа аныхақәа рхылаԥшыҩцәа еизаны анцәаиашьаԥкра мҩаԥыргеит Лӡааныхаҟны.

АҞӘА, рашәарамза 27- Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Есышықәса Аԥсны иаҵанакуа аныхақәа рхылаԥшыҩцәа еизаны анцәаиашьаԥкра мҩаԥыргоит. Сынтәа ари иԥшьоу аусмҩаԥгатә еиҿкаан Лӡааныхаҟны.

Ахныҳәарахь аныхаԥааҩцәа ааԥхьара рырҭеит Аԥсны иқәынхо хәыҷи дуи.

Лӡаатәи аныҳәарҭахь инеиаанӡа, атәыла анапхгареи, Гагра араион ахадареи, Пицунда ақалақь аиҳабыреи, Лӡаа ақыҭа ахадареи ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз Лӡаа рҵеицәа рбаҟа амҵан.

Анаҩс еизаз зегьы мҩахыҵит аныҳәарҭахь. Лӡаа аныха ахылаԥшҩы Владимир Гочуа, атәыла анапхгара идирбеит аныха аҵакыра дгьыл, ирзеиҭеиҳәеит аныҳәара иадҳәалоу акәама-ҵамақәа.

"Аԥшьаҭыԥхь инеиуа зегьы рхы ргәы цқьазароуп. Ииашамкәа ацәажәара ма ацәҳара ҟалом. Аишәа зладырхио ачыс акәзаргьы ҷыдала иазнеиуп. Иршьуа ашьтәа агра амамзароуп", — ҳәа маҷк аныҳәара аҷыдарақәа дрылацәажәеит аныхаԥааҩ.

Анаҩс иара агәи агәаҵәеи дахныҳәит.

"Иахьа ари аныҳәарҭахь имҩахыҵыз хәыҷи-дуи зегьы, ҳазшаз илԥха шәымазааит. Шәнапы злаку аусқәа шәықәманшәалахааит. Ҽаанбзиала шәнеиааит", — иҳәеит аныҳәаҩ.

Иазгәаҭатәуп, абас еиԥш Аԥсны аныхаԥааҩцәа зегьы злахәу аныҳәара амҩаԥгара ишалагаз, Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьраан.

"Аибашьра ацара ишаҿыз, ҳар ркомандаҟаҵаҩ Владислав Арӡынба иҟны аныхаԥааҩцәа ҳнеины ҳиазҵааит, аныҳәарақәа мҩаԥаагарыма, ҳхы ҳныҳәарама ҳәа. Усҟан Владислав Арӡынба аныҳәарақәа рымҩаԥгара ахәҭаны иԥхьаӡеит. Убри аахижьҭеи иазаҳаӡбеит, есышықәса ныхаҵԥхьаӡа ажәлар рныҳәара шымҩаԥаагало", — ҳәа азгәеиҭеит Дыдрыԥшь ныха ахылаԥшҩы Заур Чычба.

Аныхаԥааҩцәа аҿар рахь рхы нарханы ирҳәеит, ари иԥшьоу аус ԥхьаҟагьы ишацҵлатәу, убри аҟнытә, ирабжьаргеит хшыҩзышьҭра арҭаларц.

Лӡаа ақыҭанхацәа рыхьӡала, иԥшьоу аныҳәара еиҿызкаази иалахәызи дрыдныҳәалеит, абыргцәа Рхеилак ахантәаҩы Зосим Амԥар.

Алаҳаӡыхь ақыҭауаа рымчала 1600 метра аӡыцрыҵ цәаҳәақәа шьҭаҵоуп - Sputnik Аҧсны
Алаҳаӡыхь ақыҭауаа рымчала 1600 метра аӡыцрыҵ цәаҳәақәа шьҭаҵоуп

"Аныхаԥааҩцәа зегьы, абраҟа инашәҳәаз иаашәҳәаз ажәлар ишԥарыхәеи ҳәа шәҳәаратәы ҳазшаз иҟаиҵааит. Аԥсуа жәлар наӡаӡа еигымзааит, пату еиқәҵаны, рыԥсадгьыл ԥхьаҟа агара рылшааит", — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит абырг.

Ари иԥшьоу аныҳәара иалахәыз атәыла Ахада Рауль Ҳаџьымба ихәҭакахьалагьы иҳәеит ажәлар рыхныҳәара аҵак ду шамоу. Хаҭала дахьалахәугьы агәахәара шинаҭо.

"Аԥсны ашәарҭара ианҭагылаз, ажәлар еидгыланы анцәа иашьаԥкуан. Убасҟан иҳамаз аидгылароуп, иахьа уажәраанӡагьы ҳаибаркны ҳазмоу. Ҳаԥсадгьыл амаҵ азызуа ҳцәажәара аасҭа ҳусқәа еиҳахааит", — инаҵишьит атәыла Ахада.

Адинхаҵара иадҳәалоу аҵасқәа рымҩаԥгара аныҟамлоз, Асовет аамҭақәа рзы, Лӡааныха аҭыԥ аҿы аныҳәарақәа рымҩаԥгара аанкылан.

Ақыҭанхацәа изларҳәо ала, 1937-1952 – тәи ашықәсқәа раан ҳтәылахь Қырҭтәылантәи ауааԥсыра раларҵәара ианаҿыз, Лӡааныха адгьылҵакыра нхарҭа ҭыԥс ирыҭан ақырҭуа ҭаацәара. Дара ара ҿиара рымамызт.

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаЛӡааныхаҟны анцәаиашьаԥкра мҩаԥган
Лӡааныхаҟны анцәаиашьаԥкра мҩаԥган - Sputnik Аҧсны
Лӡааныхаҟны анцәаиашьаԥкра мҩаԥган

Аныха адоуҳатә мчы акырӡа иҳаракуп. Иахьа араҟа аԥсуа марҭаҭратә динхаҵара инақәшәо имҩаԥысуеит еиуеиԥшым аныҳәарақәа, ахҿыхрақәа.

Аныхаҟны еиҿкааз аныҳәара ауааԥсыра ирыланааӡоит апатуеиқәҵара, ахымҩаԥгашьа, ҳажәлар арханҳәуеит ажәытәан иҟаз атрадициа бзиақәа рахь.

Ажәабжьқәа зегьы
0