Асҭамыр Ахба: аԥсшьаҩцәа иԥаршеиу апутевкақәа рыдыргалоит

© Sputnik Томас ТхайцукАсҭамыр Ахба
Асҭамыр Ахба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны акурортқәеи атуризми рзы аминистр ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Ахба Sputnik иазеиҭеиҳәеит ареспубликахь ԥсшьара иаар зҭаху иԥаршеиу апутевкақәа шрыдыргалало атәы.

АҞӘА, рашәарамза 28 – Sputnik, Бадраҟ Аҩыӡба. Урыстәыла иахьаҵанакуа аҭыԥ рыман ареспубликахь ԥсшьара иаар зҭаху иԥаршеиу апутевкақәа анрыдыргалоз, рыдгалара акәым иагьанраадырхәозгьы ыҟан, иҳәеит Аԥсны акурортқәеи атуризми рзы аминистр ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Ахба.

"Урыстәыла аҵакырадгььыл аҟны иҟоуп ауаа ииашам асаитқәа аԥҵаны Аԥсны ӡырго иԥаршеиу апутевкақәа анырҭиуа", — иҳәеит иара.

Ахба иажәақәа рыла ахатәхаҿқәа атуристцәа ирыдыргалоит амаҵзурақәа рыхәԥса абанктә картақәа рыла иршәаларц.

"Иԥаршеиу апутевкақәа абанктә картақәа рыла ирыладырҵәоит. Аҵыхәтәантәи аинформациа ала Миуссератәи апансионат асаитгьы ырԥаршеины ицәырган", — иҳәеит иара.

Аԥсны акурортқәеи атуризми рзы аминистр ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Ахба иҳәеит Урыстәылатәи аган аҳәара шазынарышьҭыз асеиԥш изакәанымкәа иҟоу асаитқәа адыркырц.

Асҭамыр Ахба иазгәеиҭеит Урыстәыла иаарласны ишаԥҵахо атурагентцәа зегьы ахьарбо ареестр.

"Аахәаҩцәа ироуеит алшара асаит иҭаланы Урыстәыла иҟоу атурагентцәа рыԥшаарц. Атуристцәагьы ироуеит аинформациа иаша", — иҳәеит Ахба.

Асҭамыр Ахба иҳәеит 2015 шықәса рзы иԥаршеиу апутевкақәа рыла Аԥсныҟа ишааз шәҩык рҟынӡа аԥсшьаҩцәа. Сынтәагьы усеиԥш ахҭысқәа ҟалахьеит. Ҳәарада ауаа рҭагылазаашьа еилкааны аҭыԥқәа рырҭеит, ҳәа азгәеиҭеит Ахба.

Ажәабжьқәа зегьы
0