Аԥснытәи аҩызауадқәа ҩба афорум иалахәхоит

© Sputnik / Валерий Мельников / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАԥснытәи аҩызауад.
Аԥснытәи аҩызауад. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҩыҟаҵара ахԥатәи Амшынеиқәатә форум мҩаԥысраны иҟоуп Шәача, рашәарамза 30 инаркны ԥхынгәы 1 аҟынӡа.

АҞӘА, рашәарамза 28 – Sputnik, Владимир Бегунов. Аҟәатәи азауад "Аԥсны аҩқәеи аӡқәеи" Пицундатәи анаплакы "Напитки и Ко" раалыҵ цәырыргараны иҟоуп Аҩыҟаҵара ахԥатәи Амшынеиқәатә форум аҟны, ҳәа адырра ҟарҵеит "Напитки и Ко" апресс-маҵзура.

Аҩыҟаҵара Амшынеиқәатә форум ахь инарыԥхьоит анаплак дуқәа, иуҳәар ауеит ааглыхыҩцәа дуқәа рклуб ауп ҳәа азгәанаҭоит апресс-маҵзура.

Апресс-маҵҵзура аусзуҩцәа ражәақәа рыла Аԥсны имаҷу анаплакқәа уахь ааԥхьара рырҭом аформат иахьақәымшәо азы. Аԥснытәи аҩыҟаҵаҩцәа афорум аҟны ицәырыргараны иҟоу аалыҵ макьаназы имаӡоуп.

Аҩыҟаҵара ахԥатәи Амшынеиқәатә форум мҩаԥысраны иҟоуп Шәача, рашәарамза 30 инаркны ԥхынгәы 1 аҟынӡа. Иара иалахәхоит Урыстәыла, Аԥсны, Болгариа, Молдова, Ермантәыла уҳәа рҟынтәи аҩыҟаҵаратә наплакқәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0