Кьылба: НАТО аӷбақәа Аԥсназы ишәарҭоуп

© Sputnik Бадрак АвидзбаАԥсны Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Муҳамед Кьылба.
Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Муҳамед Кьылба. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Муҳамед Кьылба НАТО аруаа Амшын Еиқәаҟны имҩаԥырго аҽазыҟаҵарақәа ахҳәаа риҭеит.

АҞӘА, ԥхынгәы 19 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Иарбанызаалак Амшын Еиқәа арегион аҟны амчқәа рҽеизакра Аԥсназы ишәарҭоуп, иҳәеит Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Муҳамед Кьылба НАТО аруаа Амшын еиқәаҟны имҩаԥырго аҽазыҟаҵарақәа ахҳәаа рыҭо.

"НАТО Амшын Еиқәа аҟны имҩаԥнаго аҽазыҟаҵарақәа арегион аҟны аҭагылазаашьа уашәшәыраны иҟарҵоит. Ҳара иаабоит асоветтә ҵакыра иахьаҵанакуаз зехьынџьара аиҿагыларақәа шцо. Ҳәарада уи агәҭынчымра ҳазцәырнагоит" — иҳәеит иара.

Аҭынчра алшоит арратә мчрақәа еибакапануа ианыҟоу. Аганқәа руак уи абаланс еиланагар, аҭынчрагьы ԥырхаганы иазыҟалар алшоит, ҳәа иазиԥхьаӡоит Кьылба.

"Иахьазы аӡәы аӡәы диршәарц ма диҿагыларц игәы иҭам. Убри азы Амшын Еиқәа аҟны имҩаԥырго аҽазыҟаҵарақәа ҵаҵӷәыдоуп", — иҳәеит Кьылба.

Муҳамед Кьылба иазгәеиҭеит Аԥсны ашәарҭадара Урыстәылатәи Афедерациа ишеиҿнакаауа.

НАТО аҽазыҟаҵарақәа Sea Breeze-2016 мҩаԥысуеит Одессатәии Николаевтәии аобластқәа рҟны. Дара мҩаԥысран иҟоуп ԥхынгәы 30 рҟынӡа. Иара иалахәуп 25 ӷба.

"Sea Breeze" аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит есышықәса 1997 шықәса раахыс.

Ажәабжьқәа зегьы
0