Аԥсны Ахадеи Урыстәыла Ахада ицхырааҩи аинвестициатә программа анагӡашьа иалацәажәеит

© Sputnik / Роберт ДжопуаГагра араион ахадара.
Гагра араион ахадара. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аинвестициатә программа анагӡашьа иалацәажәеит Аԥсны Ахадеи Урыстәыла Ахада ицхырааҩи.

ГАГРА, ԥхынгәы 19 – Sputnik, Роберт Џьапуа. Урыстәыла Аԥсназы иоунажьуа аԥарақәа рхархәаразы ҳҿаԥхьа иқәгылоу азҵаарақәа акыр аҵакы рымоуп иҳәеит Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Урыстәыла Ахада ицхырааҩ Владислав Суркови иареи реиԥылараан.

"Иҟоуп макьаназ иӡбам апроблемақәа. Иҟоуп апроект-сметатә документациа иаҵанакуа апроблемақәа. Урҭ макьаназ ирхиам, аха урыстәылатәи аган азыхиоуп ацхыраара аҟаҵара. Сынтәазы аԥарақәа ишахәҭоу еиԥш ҳхы иаҳзамырхәар урҭ ҽаанахьы ииагахоит", иҳәеит атәыла Ахада.

Владислав Сурков иакәзар ишьақәирӷәӷәеит сынтәа афинанстә цхыраара инагӡаны ахархәара амоур ҽаанахьы ишиагахо.

"Аинвестициатә программа иалаҵан 4,7 миллиард мааҭ. Уажәазы апроект-сметатә документациа ашьақәыргылароуп ихадоу. Иарада аргылара узалагом. Ишаҳҭаху еиԥш зегь еиқәшәар, х-миллиардк сынтәа ахархәара роуроуп", — иҳәеит иара.

Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымбеи Урыстәыла Ахада ицхырааҩ Владислав Суркови реиԥылара мҩаԥысит ԥхынгәы 18 рзы, Гагра.

Ажәабжьқәа зегьы
0