Салыбеи Арӡынба игәалашәара ахьӡала Гагра иаартуп аԥкьаҭ асратә турнир

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаСалыбеи Арӡынба игәалашәара ахьӡала Гагра иаартуп аԥҟьаҭ асратә турнир
Салыбеи Арӡынба игәалашәара ахьӡала Гагра иаартуп аԥҟьаҭ асратә турнир - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Афырхаҵа, Салыбеи Арӡынба игәалашәара ахьӡала Гагра имҩаԥысуеит аԥкьаҭ асразы атурнир.

ГАГРА, ԥхынгәы 25 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Аԥсны Афырхаҵа Салыбеи Арӡынба игәалашәара ахьӡала, Гагра ақалақь, иахьа ԥхынгәы 25 рзы, официалла иаартын аԥкьаҭ асразы жәларбжьаратәи атурнир.

Сынтәа, ари акразҵазкуа аспорттә хҭыс аҳәаақәа рыҽдырҭбааит, ареспубликатә турнир аҟнытә ижәларбжьаратәихеит.

Урыстәылатәи аԥкьаҭ асратә тур аҳәаақәа ирҭагӡоу атурнир еиднакылоит 60-ҩык Толиаттии Астрахани Москвеи Шәачеи Ростови Адлери Краснодари Гагреи Пицундеи Гәдоуҭеи Аҟәеи рҟнытә аспортсменцәа қәыԥшцәа.

Атурнир еихшоуп х-гәыԥкны: 7 шықәса зхыҵуа инадыркны 8 шықәсанӡа, 9 шықәса зхыҵуа инадыркны 10 шықәсанӡа, 13 шықәса зхыҵуа инадыркны 17 шықәсанӡа. Аиԥыларақәа мҩаԥыслоит ԥшьымш.

Амина Аншԥҳа. - Sputnik Аҧсны
Атурнир Ролан Гаррос аҿы раԥхьаӡакәны Амина Аншԥҳа далахәхоит

Жәларбжьаратәи аԥкьаҭ асратә турнир аартра иаҭааит, Аԥсны аԥкьаҭ асразы Афедерациа Ахада Ҭамаз Абӷаџьаа, аспорт азы аҳәынҭқарратә Еилакы аспорт аҟәша аиҳабы Жанна Занҭариаԥҳа, Гагра араион Ахадара аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Геннади Ҵәыџьба, араион Ахадара аҿари аспорти рыҟәша аиҳабы Џьамал Анқәаб, атурнир зыхьӡынҩылоу Салыбеи Арӡынба иҭаацәа.

Атурнир аартра аофициалтә церемониа иаҭааз зегьы минуҭктәи аҿымҭрала дыргәаладыршәеит Аԥсны Афырхаҵа Салыбеи Арӡынба.

Анаҩс, аԥкьаҭ асразы Аԥсны Афедерациа Ахада Ҭамаз Абӷаџьаа бзиала шәаабеит ҳәа реиҳәеит аспортсменцәа зегьы.

"Абас еиԥш иҟоу, афырхацәа-гәымшәацәа ирыхьӡынҩылоу атурнирқәа ирылҵшәахоит Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьраан зыԥсадгьыл еиқәзырхоз аҵеицәа рыхьӡ анаунагӡатәра. Иара убас, аԥкьаҭ асратә спорт аҟны еиҵагыло абиԥара ирынаҭоит алшара, рԥышәа аизырҳара, аспорт ду ахь ашьаҿақәа рыҟаҵара. Сыхәҭакахьала, атурнир иалахәу зегьы ирыдысныҳәалоит, излахәу жәларбжьаратәи атурнир аартра. Ирзеиӷьасшьоит ақәҿиарақәеи аманшәалареи", — ҳәа азгәеиҭеит Ҭамаз Абӷаџьаа.

Салыбеи Арӡынба, Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра раԥхьатәи амшқәа инадыркны аԥсадгьыл аиқәырхаразы абџьар шьҭихит. Далахәын ажәыларатә аоперациақәа жәпакы. Ихҵоуп Аԥсны Афырхаҵа хәа аҳьӡ ҳаракы.

Салыбеи Арӡынба, данқәыԥшыз аԥкьаҭ асратә спорт азҿлымҳара аиҭон. Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра анеилга, атәыла ашьақәгылара ианалага, Салыбеи Арӡынба Аԥсны аԥкьаҭ асразы Афедерациа Ахадас дҟаҵан. Аамҭа хьанҭақәа раан, иара аԥкьаҭ асратә спорт аҿиара аџьабаа ду адибалеит.

2003 шықәсазы, Аԥсны Афырхаҵа Салыбеи Арӡынба дҭархан.

"Ҳара ҳҭаацәаразы ари атурнир амҩаԥгара аҵак ду амоуп. Иҭабуп ҳәа расҳәоит уи аиҿкааҩцәа, есышықәса ҭакԥхықәрала иахьазнеиуа. Иалахәу аспортсменцәа қәыԥшцәа ракәзар, раԥхьаҟа ари аспорт хкы аҟны аҩаӡара дуқәа ирыԥсахааит", — иҳәеит Салыбеи Арӡынба иԥа Лаша.

Атурнир аартын Аԥсни Урыстәылеи рҳәынҭқарратә бираҟқәа рышьҭхрала. Аԥкьаҭ асразы жәларбжьаратәи атурнир еиҿкаауп Аԥсны аԥкьаҭ асразы Афедерациеи Аԥсны аспорт азы аҳәынҭқарратә Еилаки рымчала.

Аспортсменцәа қәыԥшцәа адныҳәаларақәеи азеиӷьашьарақәеи рыдыркылеит, атурнир аартра иалахәыз рҟнытә. Анаҩс доусы аԥкьаҭ асратә дәаҟны рҭыԥқәа ааныркылеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0