"Аԥсны шьаҿак ԥхьаҟа" захьӡыз афорум Аҟәа имҩаԥысит

© Foto / Сырма Ашәԥҳа"Аԥсны шьаҿак ԥхьаҟа" захьӡыз афорум Аҟәа имҩаԥысит
Аԥсны шьаҿак ԥхьаҟа захьӡыз афорум Аҟәа имҩаԥысит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ауаажәларратә еиҿкаара "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" аԥшьгарала иахьа, Аҟәа ақалақь, асасааирҭа Атриум-Викториа аконференц зал аҟны имҩаԥысит "Аԥсны-шьаҿак ԥхьаҟа" захьӡу аекономикатә форум.

АҞӘА, ԥхынгәы 28 — Sputnik, Сырма Ашәԥҳа. Афорум рхы аладырхәит Аԥсны аҳәынҭқарра ахада Рауль Ҳаџьымба, ҳтәыла аекономикеи ақыҭанхаамҩеи рминистрцәа, аҳәынҭқарратәи ауаажәларратәи еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа. Афорум ахь ааԥхьара рыман Урыстәылантәи, Ҭырқәтәылантәи, Индиантәи, Нхыҵ-Кавказынтәи асасцәа, аекспертцәа.  

Афорум ааиртит "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" афинансқәеи, аекономикатә ҿиареи, аинвестициеи рхеилак анапхгаҩы Абессалом Кәарҷиа. Иара дазааҭгылеит ҭоурыхтә екскурск аҳасаб ала Аԥсны аекономика аҭоурых. Анаҩс, ажәа змаз "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" ахада Сонер Гогәуа иҳәеит, афонд еиҿнакаахьоу Астол гьежьқәа рахьтә ари аԥшьбатәи шакәу. 

"Аԥсны аекономика аҿиара амҩақәа рыԥшаара хымԥадатәиуп, уи ҳҳәынҭқарра ашьақәыргылара аус аҟны акыр ицхыраагӡоуп. Аамҭаказы уи иаԥырхагаз амзызқәа ыҟан, аибашьра, аблокада уҳәа, аекономика еиҵазҟьоз ацәырҵрақәа. Иахьа, абра ҳаизеит аекономика аизҳазыӷьара иадҳәалоу азҵаарақәа ҳрылацәажәарц, аҳасабырбатәқәа ҳадаҳкыларц", — ҳәа азгәеиҭеит Сонер Гогәуа. 

Иқәгылоз ражәахәқәа рҟны инарҭбааны ирзааҭгылан Аԥсны ақыҭанхамҩа аҭагылазаашьеи уи аҿиареи, атуризм ахаҭабзиара ашьҭыхреи уи ԥхьаҟатәи азгәаҭақәеи, ахәаахәҭра аус аизҳазыӷьара амҩақәа рыԥшаареи уҳәа, аекономика аҿиара иадҳәалоу еиуеиԥшым азҵаарақәа. 

Афорум актәи ахәҭаҿы дықәгылеит Аԥсны аҳәынҭқарра ахада Рауль Ҳаџьымба. 

"Ҳарҭ ҳамчи ҳахшыҩи еилаҵаны аусқәа рыӡбара напы аҳаркыроуп. Атуризми, ақыҭанхамҩеи, ахәаахәҭреи инарҷыданы Аԥсны афымцамчы аҿиара ҳадгылароуп. Иҟоу ауадаҩрақәа ҳшырзааҭгыло еиԥш, урҭ рыӡбарагь алҳаршароуп. Аҳәынҭқарра азыхиоуп еиуеиԥшым ажәалагалақәа рзыӡырҩра, урҭ рыӡбараҟны адгылара аарԥшра", — иҳәеит Рауль Ҳаџьымба. 

Афорум аҩбатәи ахәҭаҿы иқәгылеит Жәларбжьаратәи аекспертцәа. Дара азааҭгылеит Аԥсны аекономика апотенциал, иара убас рԥышәа ҳацеиҩыршеит аекономика аҿиара иадҳәалоу азҵаарақәа рзы. 

Афорум ахыркәшамҭаз иҟаҵан ажәалагала ҿыцқәа. "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" хықәкыс иамоуп аекономикатә форум аусура иазку аҭыжьымҭа акьыԥхьра, иара убас еиҿкаахоит аекспертцәа русуратә гәыԥ, аекономикатә зҵаарақәа рыӡбара иадҳәалоу абжьгарақәа рышьақәыргыларазы, анаҩс уи Аԥсны анапхгара рҟынӡа инагахоит. 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0