Аҟәатәи абааҟны арыцқьаратә усурақәа мҩаԥыргеит

© Sputnik / Илона ХварцкияАҟәатәи абааҟны арыцқьаратә усурақәа мҩаԥыргеит
Аҟәатәи абааҟны арыцқьаратә усурақәа мҩаԥыргеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
ААУ астудентцәа, арҵаҩцәа, Акультура аминистрра аусзуҩцәа Диоскураа рыԥшаҳәаҟны иҟоу Аҟәатәи абаа акәша-мыкәша имҩаԥыргеит арыцқьаратә усурақәа.

АҞӘА, ԥхынгәы 29 — Sputnik, Анжелика Бениаԥҳа. ААУ астудентцәа, арҵаҩцәа, Акультура аминистрра аусзуҩцәа Диоскураа рыԥшаҳәаҟны иҟоу Аҟәатәи абаа акәша-мыкәша имҩаԥыргеит арыцқьаратә усурақәа аԥшьаша, ԥхынгәы 28 рзы.

Акультура аминистр лхаҭыԥуаҩ Баҭал Кобахьиа иажәақәа рыла арҭ аусурақәа мҩаԥгоуп аиубилеитә фестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит…" алагамҭаз.

"Ҳара иаҳҭахуп арҭ иуникалтәу аобиектқәа ареспублика асасцәа ирбарц. Абаа аҵакыра зегьы рыцқьоуп. Асеиԥш 40 шықәса раҟара иеилыргамхацызт. Аобиект Акультура аминистрра ма ақалақь Ахадара иртәны иҟам, изтәу дарбанызаалак Аҟәа инхо иоуп", — иҳәеит Кобахьиа.

Арыцқьараз арахь иааиит ААУ астудентцәа реиԥш арҵаҩцәеи, Акультура аминистрра аусзуҩцәеи Аҟәа ақалақь Ахадара Акоммуналтә усбарҭа аусзуҩцәеи.

ААУ астудент Ален Пачкориа иажәақәа рыла дара ара лассы-лассы археологиатә жрақәа мҩаԥыргоит имҩаԥысуа ауснагӡатәгьы рҽацәхьаркыр иашамызт.

Иџьашьатәым афестиваль араҟа иахьымҩаԥгахо, избанзар абаа ҭоурыхтә баҟоуп. Аҭоурых факультет адекан Алик Габелиа иажәақәа рыла ари аҭыԥ аҟны еиларсуп ақалақь аҭоурых аетапқәа зегьы.

Иахьазы иаанханы иҟоу абаахыжәжәарақәа роуп.

Александр Титель аԥшьаша имҩаԥысыз авидеоеимадараҿы. - Sputnik Аҧсны
Титель: "Медеиа" еиԥшу Аԥсны иҟамлац

Аҟәатәи абаа аԥхьатәи ахаҿсахьа азынханы иҟан XVII ашәышықәсанӡа. аҭырқә мпыҵахалаҩцәа иаразнакы иара ахаҿра рыԥсахит, уаанӡатәи римтәи аргыларақәа еиҭашьақәдыргылеит.

Абаа акәша-мыкәша археологиатә ԥшаарақәа мҩаԥысуеит 1950 шықәса раахыс. Араҟа иаарԥшуп еиуеиԥшым археологиатә маҭәарқәа.

Астуденттә практика аан ААУ астудентцәа ирԥшааит маҭәарк, дара ргәаанагарала иара Қьелашьбеи Чачба ижырҭа иатәуп.

1980-тәи ашықәсқәа раан араҟа иаарԥшын Кавказ иакны иҟоу октогоналтә уахәама, иара убасгьы VI ашәышықәса иатәу аҽа баҟакгьы.

"Сара ара 20 шықәса инарзынаԥшуа аус зуеит. Сгәы иаанагоит иҵегь аарԥшрақәа ҳзыԥшуп ҳәа. Ара сантиметр-цыԥхьаӡа аинформациа ду унаҭар ауеит", — иҳәеит Габелиа.

Жәларбжьаратәи афестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит…" еиҿкаан 2001 шықәса рзы, Аԥсны имҩаԥысуан. 2014 шықәса рзы Москва, К. С. Станиславскии В. И. Немирович-Данченкои рыхьӡ зху Амузыкатә театр аҟны имҩаԥысит. 2015 шықәса рзы XIV афестиваль Вена, Музикфераин азал аҟны имҩаԥган. 2016 шықәса рзы – Швеицариа, Санкт-Морице.

Ажәабжьқәа зегьы
0