Аӡынба: аԥхасҭа ахәшьара ныҭкааны иаҭатәуп

Аԥыза-министр инапынҵақәа назыгӡо Шамил Аӡынба
Аԥыза-министр инапынҵақәа назыгӡо Шамил Аӡынба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥыза-министр инапынҵақәа назыгӡо Шамил Аӡынба ахәаша, нанҳәа 5 рзы имҩаԥигеит аԥсабаратә рыцҳара ахҟьа-ԥҟьақәа раԥыхразы аилатәара.

АҞӘА, нанҳәа 5 — Sputnik, Рада Ажьиԥҳа. Аԥыза-министр инапынҵақәа назыгӡо Шамил Аӡынба ахәаша, нанҳәа 5 рзы имҩаԥигеит аԥсабаратә рыцҳара ахҟьа-ԥҟьақәа раԥыхразы аилатәара.

"Есышықәса ҳуааԥсыра арыцҳара иақәшәоит аӡқәа рхыҵра инамаданы. Еилыскаауеит акоммуналтә маҵзурақәа рнапы иану ламысла ишынарыгӡо аха иҳалшо ҟаҳҵалароуп усеиԥш ҟамларцаз. Анцәа иџьшьаны ԥсыҭбара ыҟамызт аха анхарҭақәа аԥхасҭа рыҭоуп", — иҳәеит Аӡынба.

Иара убасгьы иазгәеиҭеит атәыла анапхгара иҟалаз аԥхасҭа иныҭкааны анализ азнаур шакәу.

Аилатәара иалахәыз Аԥыза-министр инапынҵақәа назыгӡо ажәадгала ирҭеит атәыла аиҳабыраҟны аԥсабаратә рыцҳарақәа рыхҟьақәа раԥыхразы аштаб аԥҵазарц.

Ахаша ауха Аҟәа илеиз ақәаршҩы иахҟьаны аӡиасқәа жәпакы рыҭрақәа ирҭыҵит, ирацәоуп аӡы зыҩналаз аҩнқәа. Аԥхасҭа рыҭоуп амҩақәа, афымцатә система, аӡеиқәыршәаратә система.

Ажәабжьқәа зегьы
0