Басариа: афымцамч ахархәара еизҳаит, аԥарашәара шьҭаханы иҟоуп

© Sputnik / Томас Тхайцук"Амшынеиқәафымцамч" адиректор хада Аслан Басариа
Амшынеиқәафымцамч адиректор хада Аслан Басариа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аекономика аминистр инапынҵақәа назыгӡо Адгәыр Арӡынба даҭааит АУН "Амшынеиқәафымцамч". Аусутә ныҟәараан иалацәажәан аҭагылазаашьа абри аусхк аганахьала.

АҞӘА, нанҳәа 12 – Sputnik, Рада Ажьиԥҳа. Аԥсны афымцамч асистема аҭагылазаашьа уадаҩ амоуп. Ҳаԥхьаҟа иҵегь иуадаҩхар алшоит. Афымцамч ахархәара еизҳаит, арахь ахәԥса ашәара акыр ишьҭахоуп иҳәеит АУН "Амшынеиқәафымцамч" адиректор хада Аслан Басариа аусутә еиԥылараан имҩаԥгаз аилацәажәараҟны.

"Афымцамч аусхк акәша-мыкәша иҟоу аҭагылазаашьа атәыла анапхгараҟны ибзиаӡаны ирдыруеит. Уаҟа аҭагылазаашьа ҭышәынтәаламкәа атәыла аекономика алацәажәарагьы ҵаҵӷәыдоуп. Ҳәарада ҳусуцәа рылшарала зҭыԥ иқәаҳҵо рацәоуп, аха ауааԥсыра адгылара ҳарымҭар ҳамч хом", — иҳәеит Басариа.

Аилацәажәараан иазхьаԥшын афымцамч ахархәараан атарификациа аԥсахра азнеишьа азҵаара.

Ажәабжьқәа зегьы
0