Аԥсуа бызшәа арҿиаразы аконкурс еиҿкаауп

© Sputnik / Томас ТхайцукАрхивтә фото.
Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Рауль Ҳаџьымба иҟны иҟоу Аԥсны аҳәынҭқарратә бызшәазы Аҳәынҭқарратә комиссиа аԥсуа бызшәа арҿиаразы апроектқәа рконкурс рыланаҳәеит.

АҞӘА, нанҳәамза 15 – Sputnik. Аконкурс аԥҟарақәа инарықәыршәаны, ҷыдала хырхарҭак алкаахаӡом, ирыхәаԥшхоит абызшәа арҿиара иацхраауа, еиуеиԥшым ахырхарҭақәа ирыҵаркуа апроектқәа зегьы, абри атәы аанацҳауеит аҳәынҭқарра ахада ипресс-маҵзура.

"2017 шықәсазы абиуџьет иалаҵахо апроектқәа ралԥшаараан, аԥыжәара рыҭахоит иахьазы иаҳа ихадароу, абызшәа анаҩстәи аҿиаразы шьаҭас иҟалар зылшо, аҳәынҭқарратә бызшәала аусмҩаԥгара иацхраауа, аҳәынҭқарратә бызшәа аҵара зырманшәало, хыԥҳьаӡара рацәала аҿар ари аус иадызԥхьало аусумҭақәа".

Апроект аҿы иарбазар ауп уи аус адызуло арҿиаратә гәыԥ иалоу зусҭцәоу, апроект актуалра, ахықәкы, изыԥсоу, иарбоу ахәԥса шныххо, шаҟа аамҭа азоужьтәу, уи анагӡара иаҳнаҭо ртәы зҳәо аинформациа.

Аԥсуа бызшәа арҿиара иазку апроектқәа рыдыркылоит жьҭаарамза 31-нӡа. Апроект ҩызар ҟалоит аԥсышәалеи урысшәалеи.

Апроектқәа рыхәаԥшразы еиҿкаахоит аусуратә гәыԥ.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0