Хатәгәаԥхарала иааны еибашьуаз ргәалашәарақәа

© Foto / Сырма АшәԥҳаАдам Богус-Леон иорден занашьоу, Адыгатәылантәи Аԥсны хатәгәаԥхарала деибашьуан.
Адам Богус-Леон иорден занашьоу, Адыгатәылантәи Аԥсны хатәгәаԥхарала деибашьуан. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Адыгатәылантәи Аԥсны хатәгәаԥхарала еибашьуаз Леон иорден занашьоу Адам Богуси, Аахыҵ-Уаԥстәылантәи хатәгәаԥхарала Аԥсны еибашьуаз Роберт Бебилови ргәалашәарақәа лыцеиҩыршеит Sputnik акорреспондент Сырма Ашәԥҳа.

"Агәалашәарақәа ирыцу угәы змырҭынчуа ахҭысқәа рацәоуп. Аԥсны аибашьра иалагеит ҳәа ансаҳа, аиаша шәасҳәап сцәа сааҭанарӡыӡааит. Мураҭ Шовгенев, иаразнак ақәҵара идикылеит, иааркьаҿынгьы иҳәеит: "Сара Аԥсныҟа сцоит". Ҩымш ирылагӡаны еиҿкаан хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа ргәыԥ. Ас еиԥш иҟаз ахҭыс аиҿкаара убжьы ақәумыргар ҟалозма?

Ҳара Аԥсны ҳшьапы анықәҳаргыла инаркны, избаз аԥҳәыс лхаҿсахьа ахааназы сгәалашәарақәа рҿы иҷыдоу аҭыԥ аанылкылоит. Лықәра ыҟан, дӡышӡа дышлахьан. Лыҷкәынцәа гәакьақәа дырԥылозшәа, лнапқәа ыргьежьуа, ҳныҳәа-ныԥхьо даҳԥылеит. Уи лыбжьы хаа абыржәыгь слымҳақәа ирҭыҩуеит.

Чечентәылатәи аделегациа аҭааит Аахыҵ Уаԥстәылантәи аибашьраҿы иҭахаз аҵеицәа рбаҟа - Sputnik Аҧсны
Чечентәылатәи аделегациа аҭааит Аахыҵ Уаԥстәылантәи аибашьраҿы иҭахаз аҵеицәа рбаҟа

Убасҟан иаразнак исгәалашәеит Аџьынџьтәылатә еибашьра ду (1941-1945ш.ш.) ахроника, анацәа зыҷкәынцәа аибашьра аҟынтәи ихынҳәқәоз ианырԥылоз. Иаҳбаз аԥҳәыс лылақәа лаӷырӡыла иҭәын, аха лҽеиқәҳәаланы ҳгәаҟаҵашьа дақәшәеит, Аԥсныҟа ҳаара шаҟа деигәырӷьаз аҟара, убриаҟарагь ихьаалгеит.  

Избанзар дануп, ан, зыҷкәын еибашьра ддәықәызҵо лцәанырра хазуп, уи еиҭаҳәашьа амам. Илныруазар акәхарын, усҟан лабҿаба илбаз аҷкәынцәа рахьтә, зегьы еибганы рыҩныҟақәа ишзыхнымҳәуаз… Ҳара аибашьратә ԥышәа ҳамамызт, абџьар шьҭыхны ҳмеибашьыцызт. Ҳара ҳгәыԥ аҟынтә иҟан раԥхьаӡа акәны знапаҿы абџьар аанызкылаз.

Мураҭ Шовгенов, сара сылақәа ишырбоз раԥхьатәи ажәылараҿы дҭахеит, урҭ ахҭысқәа ргәаларшәара акырӡа исцәыуадаҩуп, аха иаҳхашҭыргьы ҟалаӡом. Аԥснаа ҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит ҳара ҳахь иаашәырԥшуа азҿлымҳаразы. Ҳарҭ излаҳалшоз ала шәааигәа ҳаҟан, аԥхьаҟагьы ҳаиашьареи ҳаиҩызареи аҿиара ишацҵахо агәра згоит. Ашьхарыуа жәларқәа  иҷыдоу аҟазшьа бзиақәа ҳалоуп, доуҳала ҳаӷәӷәоуп, аӡәы иҿаԥхьа ҳхы лаҳарҟәӡом, аӡәы итәгьы ҳашьҭам. Аԥсны жәлар зҭагылаз аҩыза ҳара ҳақәшәазтгьы, хымԥада агәра ҳгоит ҳашьцәа аԥсуаа ҳшаанырмыжьуаз, ҳахьчара ишазгылоз. Ҳарҭгьы иҳалшаз уамак ыҟамзаргьы ҳарӷьажәҩаны ҳшәывагыларц ҳаӡбеит. Ҳажәларқәа еснагь абзиарақәа рԥеиԥшзааит!  

Аибашьра анцоз сара аӷацәа срытҟәеит. Қырҭтәылатәи ателехәаԥшра рҽазыршәон ҳара аԥара шәаны еибашьра иааргаз ҳакәушәа, аибашьра ҳахьалахәу аԥара ҳзыршәошәа. Саргьы сҿахәы сҿырхуан, анаҩс сцәажәара телехәаԥшрала иддырбон. Ус исазҵааит: "Избан, аԥсуаа урыдгылан узеибашьуаз, ара шәышԥаанагеи, ари ҳара ҳтәыла ауп?", ҳәа. Аҭакс абас сҳәеит: "Кавказ еснагь иҟан абас еиԥш иҟаз атрадициа, агәылеи агәылеи еицхыраауеит, аиашьа аиашьа дарӷьажәҩаны дивагылоуп. Амилаҭ хәыҷы агәаҟра иҭагылеит, ргәырҽанӡамкәа шәрықәлеит.

Ҳара ҳашьцәа ҳрыдгыларц ҳааит. Шәара шәиашаӡам, акгьы зхарам ауаа ирымашәкуазеи?.."  Ааи, абас еиԥш иҟаз аԥышәара аамҭа еицаҳхаҳгеит шәареи ҳареи. Уижьҭеи акыр шықәса цеит. Ари зегь уажәшьҭа иҭоурыххеит. Хатәгәаԥхарала Аԥсны еибашьуазгьы ари аҭоурых иахәҭакны иҟалеит. Ҳарҭ еснагь шәара шәахь ҳалаԥш хоуп, иаҳбоит ишәымоу аихьӡарақәа. Ареспублика маҷ-маҷ ашьапы ақәгылара иаҿуп. Аихьӡарақәа шәзеиӷьасшьоит! Анаҩстәи хаибабарақәа зегьы абзиара иатәхааит!

© Foto / Сырма АшәԥҳаАахыҵ-Уаԥстәылантәи хатәгәаԥхарала Аԥсны еибашьуаз Роберт Бебилов
Аахыҵ-Уаԥстәылантәи хатәгәаԥхарала Аԥсны еибашьуаз Роберт Бебилов - Sputnik Аҧсны
Аахыҵ-Уаԥстәылантәи хатәгәаԥхарала Аԥсны еибашьуаз Роберт Бебилов
и игәалашәара.

Нанҳәамза 1992 шықәсазы, ҳреспубликаҿы аибашьра аҽанарҭынч, абжьаҟазаратә архәҭақәа аналаргала, Қырҭтәылатәи арбџьарымчқәа  Аԥсны иақәлеит. Нанҳәамза18 рзы, Аԥсны аҳҭнықалақь Аҟәа аӷацәа ирымпыҵархалеит ҳәа анҳаҳа, иаарласны иҳаӡбеит хатәгәаԥхаралатәи ауаԥс еибашьцәа ргәыԥқәа еиҿкааны, Аԥсныҟа амҩа ҳақәларц, ҳашьцәа аԥсуаа ҳрыдгыларц.  Аҷкәынцәа ԥшрак ҳәа ҟамҵакәа ирласны ҳҽеидаҳкылеит. Хымш ирылагӡаны, ашьха каҵәарақәа  ҳархысны Аԥсныҟа аара ҳалҳаршеит.

Сонер Гогәуа - Sputnik Аҧсны
Гогәуа: агазеҭ "Сабаҳ" адаҟьақәа рылоуп ҳҭаацәа Аԥсныҟа еибашьра ҳшааз злеилыркааз

Ашьха ҳанылбаа, иаҳзыԥшыз автобус ҳақәтәаны амҩа ҳақәлеит. Амҩан, ҳара иҳақәшәаз, иаҳзымдыруаз ҭаҳмадак, дышьҭаҳит. Иара карабин шәақьк икын. Уабацои?ҳәа ҳаниазҵаа, аҭакс ус ҳаиҳәеит: "Сара сԥа Аҟәа ақалақь аҿы дҭахеит", иҳәеит. Сара ахааназы исхашҭран сыҟам уи аҭаҳмада ихаҿсахьа, илақәа, ииҳәоз ажәақәа ирыҵаҵәахыз ахьаа.

Гәдоуҭа ақалақь аҿы ҳанаа, апансионат "Амра" аҿы ҳнаргеит. Гәыблыла иаҳԥылеит аԥсуаа. Ҳара уахь ҳнеира даараӡа ргәы шьҭнахит. Уаҳа даҽакалагьы ҳхы ҳзымҩаԥгомызт, ҳашьцәа амца шыра ианалагыла ҳрыцхраар акәын. Қырҭтәыла аиааира агазтгьы, Анцәа иумҳәан, усҟан Аԥсны мацара акәӡамызт иаҵахоз, ҳаргьы ҳаҵахон. Агәра згоит ахааназгьы, аиаша еснагь аԥхьа ишгылоу, уи аиаара шаго.

Ажәылара ӷәӷәақәа мҩаԥысуан. Гагра ахақәиҭтәраҿы ацәыӡ дуқәа ҳауит. Усҟан иҳацәҭахеит ауаԥс ҷкәынцәа хҩык: Роберт Кокоев-Петров, Ацамаз Ааргиев, Џьамал Сиукаев… Аԥсны аиааира агара зыԥстазаара ахҭнызҵаз зегьы ргәалашәара еснагь иҳацзааит.

Ҳара ҳанеидгыла, иаҳиааиуа уаҩ дҟалаӡом. Жәытә-натә аахыс ҳара ҳаишьцәоуп, иаҳзеиԥшу лахьынҵак ҳаиднакылоит. Ҳара аӡәгьы ҳицәшәаӡом. Избанзар иаҳдыруеит ҳадгьыл ҳшықәынхо, аӡәгьы итәы ҳшашьҭам. Аиааира ҳара иаҳтәуп, уи азы агәрагара ҳацзароуп еснагь



Ажәабжьқәа зегьы
0