Апатриоттә лагер "Молодая Абхазия-2016" жәларбжьаратәхеит

© Sputnik Роберт ДжопуаАпатриоттә лагер "Молодая Абхазия-2016" жәларбжьаратәхеит
Апатриоттә лагер Молодая Абхазия-2016 жәларбжьаратәхеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Нанҳәа 17 2016 шықәса рзы аусура иалагаз ахәбатәи апатриоттә лагер "Молодая Абхазия" жәларбжьаратәхеит.

АҞӘА, нанҳәа 18 – Sputnik, Роберт Џьапуа. Нанҳәа 17 2016 шықәса рзы аусура иалагаз ахәбатәи апатриоттә лагер "Молодая Абхазия" жәларбжьаратәхеит, ҳәа ҳзааицҳаит Аԥсны аҿартә политиказы Аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Алиас Аҩӡба.

"Сынтәа алагер аформат аҽаԥсахит, ижәларбжьаратәхеит. Арахь иаҳзааит Аахыҵ Уаԥстәыла, Донецктәи жәлар рреспублика, Лугансктәи жәлар рреспублика, Урыстәыла арегионқәа жәпакы рҟынтәи асасцәа. Иааидкыланы дара 30-ҩык рҟынӡа ыҟоуп", — иҳәеит Аҩӡба.

Иара иазгәеиҭеит есышықәса апрограмма аҽшаԥсахуа.

"Арратә зыҟаҵара адагьы алагер аҟны Аԥсны аҭоурых рҵалоит", — иҳәеит иара.

Аԥсны аҿартә политиказы Аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Алиас Аҩӡба иажәақәа рыла алагер алахәылацәа фатәыла еиқәдыршәоит апрофессионалтә хәыҟаҵаҩцәа. Аҿар мышкахь хынтә акрырҿарҵоит.

Алагер мҩаԥысуеит Кәыдры аиҩхааҟны иҟоу ақыҭа Мрамбаҿ. Алагерр иалахәуп 100-ҩык рҟынӡа аррамаҵзура зхызымгац аҿар. Апатриоттә лагер "Молодая Абхазия-2016" нанҳәа 25 рҟынӡа имҩаԥысуеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0