Виачеслав Арӡынба: зегьы ирхадароуп ҳәа исыԥхьаӡоит аҭаацәаратә ҳәоуеиқәшәара

© Sputnik / Томас ҬҳаиҵыкәАтеатри акинои рактиор, Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист, Агәымшәараз амедал занашьоу Виачеслав Арӡынба
Атеатри акинои рактиор, Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист, Агәымшәараз амедал занашьоу Виачеслав Арӡынба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Атеатри акинои рактиор, Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист, Агәымшәараз амедал занашьоу Виачеслав Арӡынба иахьа иихыҵит 70 шықәса.

Виачеслав Арӡынба Sputnik акорреспондент Рада Ажьиԥҳа иазеиҭеиҳәеит раԥхьаӡа асценахь ацәырҵра иара изы ишыуадаҩызи, инаигӡахьо арольқәа рҟынтә еиҳа ирыликаауеи ртәи.

Гәдоуҭа араион Хыԥсҭа ақыҭан 1946 шықәсазы, нанҳәамза 19 аҽны Михаил Арӡынба иҭаацәараҿы диит аҵеи, заԥхьаҟа еицардырраны иҟаз Аԥсуа адраматә актиор Виачеслав Арӡынба. 

Виачеслав Арӡынба ихәыҷра ашықәсқәа инаркны игәы азыҳәон актиор изанааҭ, абжьаратә школ даналга дҭалоит актиортә институт.

"Ашкол санҭаз инаркны бзиа избон ақәгыларақәа, аха атеатр сацәыхароушәа збон. Абжьаратә школ саналга сазхәыцуан актиортә институт аҭалара, аха арра маҵура ахысраз ааԥхьара сырҭеит, ус арра сцеит, санааи ашьҭахь аиндустриалтә техникум сҭалеит. Аԥшьбатәи акурс аҟны сыштәаз аԥсуа театр алаҳәара ҟанаҵеит актиорцәа аҿарацәа шрыдыркылоз. Атеатр аҟны исарҳәеит шықәсык аҽазыҟаҵара аҭахыуп аинститут аҭалараз ҳәа, уи сақәшаҳаҭхеит, мап скуазма алшара ансоу", — ҳәа игәалаиршәоит атеатр ахь имҩахыҵра шыҟалаз Арӡынба.

1971 шықәсазы Русҭавели ихьӡ зху Қарҭтәи актиортә институт аԥышәарақәа зегьы ҭины иҭалаз астудентцәа рхыԥхьаӡараҿ дыҟан Виачеслав Арӡынбагьы. Аҵара ицызҵоз иреиоуп актиорцәа хатәрақәа: Роза Дбарԥҳа, Нури Кәарҷиа, Тома Гамгиаԥҳа, Тома Аҩӡԥҳа, Геннади Ҭарба уҳәа ирацәаҩны.

Виачеслав Арӡынба атеатр ахь имҩахыҵра шыҟалаз атәы шәахәаԥшыр ҟалоит абра

"Аҵара хырқәшаны аԥсуа театр аҟны санааи, насыԥ сымоуп ҳәа схы сыԥхьаӡоит актиорцәа дуӡӡақәа Азиз Агрба, Минадора Зыхәԥҳа, Михаил Ақаҩба еиԥш иҟаз сахьырхаану. Усҟан ароль дуӡӡақәа рынагӡаразы алшара ҳамамзаргьы, аепизодқәа рыҟны ҳахьалахәыз, актиорцәа хатәрақәа асценахь ҳахьрыццәырҵуаз насыԥын, даара сеигәарӷьон уи. Дара рыхьӡ-рыԥша дуун, ирҿаҳҵаашаз рацәан", — ҳәа азгәеиҭеит иара.

Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Виачеслав Арӡынба иажәақәа рыла раԥхьаӡа асцена дацәшәон, иара изы уи ақәлара агәаӷьра цәгьан.

Хҭырԥа шкәакәа афильм ахьҭырхуаз аҭыԥ. - Sputnik Аҧсны
"Хҭырԥа шкәакәа": афильм амаӡақәеи уи ахьҭырхуаз аҭыԥқәеи

"Асцена ақәлара убас сацәшәон, аха сҽааидкыланы исыдыз сроль насыгӡеит, асцена саақәҵит, аха сышԥақәҵи, аԥхӡы сҿашы, сгәы хыҭҳыҭуа", — ҳәа игәалаиршәоит раԥхьатәи ахәыԥшҩы иахь ицәырҵра актиор.

Арежиссиор Валери Ақаҩба аԥсуа атеатр ахь данааи инаркны, иҳәоит Арӡынба, актиорцәа аҿарацәа алшара роуит рбаҩхатәра аарԥшра.

"Валери Ақаҩба арежиссер иаҳасабла аԥсуа театр аҟны данааи инаркны иқәиргыло аспектакльқәа зегьы срылахәуп, аха сгәы ззыбылуа, зегь реиҳа исықәҿиеит ҳәа исыԥхьаӡо ароль ҳә иҟоу аспектакль "Кьиоджаа рҭыӡшәа" аҟны зҿы акуа Фортонату ироль. Ари ароль сықәманшәалахеит ҳәа исыԥхьаӡоит, избан акәзар арежиссиор даара аџьабаа сыдыибалеит", — ҳәа азгәеиҭеит Арӡынба.

Аԥсуа театр иқәныргыло аспектакльқәа зегьы дрылахәуп актиор Виачеслав Арӡынба. 

"Ари азанааҭ аҟны аихьӡарақәа аауарԥшырц еснагь ухы аус адулыроуп, умаашьароуп, аколлектив аҟны аусура уақәшәароуп. Ҿыц рольк ансыдыргалалак уи схы-сыхшыҩ, сынтәо, сангыло зегьы сзызхәыҵуа иара ауп. 40 шықәса аԥсуа тетар аҟны аус зуеит, абарҭ ашықәсқәа зегьы аамҭа цәгьақәа шыҟазгьы, зныкгьы сгәы камҳаит, абри азанааҭ заласхи ҳәа сгәы ҟамлеит. Зегьы ирхадароуп ҳәа исыԥхьаӡоит аҭаацәаратә ҳәоуеиқәшәара", — хәа иҳәоит актиор.

Аԥсуа театр асценаҿы Виачеслав Арӡынба иааирԥшхьеит ахаҿсахьа шьахәқәа апиесақәа рҿы. Баҭал ихаҿсахьа – "Ахәра ашәа "(Ал. Аргәын), Аҟьала — "Ихароу амра ашәахәақәа"(Е.Сымсым), Фортунато — "Кьиоџьиаа рҭыӡшәа"(Гальдиони), Лигарин — "Иули Цезарь" (Шекспир), Бухути — "Махаз " (Ф. Искандер) уҳәа ирацәаны. Иааидкыланы 40 шықәса ҵуеит дазааԥсоишьҭеи актиортә ҟазара.

Зыԥсҭазаара зегьы актиортә ҟазара иазызкыз Виачеслав Арӡынба асценаҟны аихьӡарақәа шааирԥшыз еиԥш, аҭаацәараҿгьы насыԥ змоу уаҩуп. Иԥшәма ԥҳәыс Шьаризан Ашәԥҳаи иареи ирааӡеит ҩыџьа ахшаара, амоҭацәа рыла дбеиоуп. 

 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0