Аслана лгәабзиара ҩ-миллион бжак аԥара аҭахуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАслана Џьынџьалԥҳа
Аслана Џьынџьалԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Агәыҳалалратә фонд "Ашана" иаанартит Аслана Џьынџьалԥҳа лоперациазы аԥареизгара.

Анжелика Бениаԥҳа, Sputnik

Асланеи ҳареи ҳаибадыруеижьҭеи акрааҵуеит. Усҟан шықәсыки бжаки лхыҵуан. Усҟан лҭаацәа лылакьысраҵәҟьа иацәшәон, избанзар лыбаҩқәа зынӡа иуашәшәыран.

Иахьа Аслана фышықәса лхыҵуеит. Ԥшьышықәса рыла лара илхылгеит аҽыхәышәтәратә курсқәа 16.

Уажәы аԥҵәарақәа еиҳа имаҷуп. Лҭагылазаашьа акыр еиӷьуп, лҳәоит ахәыҷы лан.

"Аԥхьа хәышәтәра ҳәа данаагоз ҳгәыӷрақәа маҷӡан, аха уажәы лҭагылазаашьа акыр ишеиӷьхаз убартә иҟоуп. Иахьа лхала аныҟәара лылшоит. Уаанӡа аныҟәара акәым атәараҵәҟьа лылшомызт", — лҳәоит ан.

Зылшарақәа ԥку ахәыҷқәа рзы еиҿкаау ареабилитациатә Центр аусзуҩ Елисо Аланиаԥҳа илҳәоит Аслана арахь еиԥмырҟьаӡакәа дышныҟәо.

"Ҳара зегьы Аслана бзиа даабеит. Лара бзиа илбоит асахьаҭыхра, акәаҳара. Аусумҭақәа рацәаны илымоуп. Ацәыргақәҵақәагьы дрылахәхахьеит", — лҳәоит азыҟаҵаҩ.

Аслана лчымазара шамахамзар изыхьуа маҷуп. Абри аҩыза ачымазараан абаҩқәа ԥыҵәҵәоит, иуашәшәыроуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0