Аԥсынгьы имҩаԥысраны иҟоуп заанаҵтәи абжьыҭирақәа

© Sputnik Архивное фотоАрхывтә фото.
Архывтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Цәыббра 18 рзы имҩаԥысраны иҟоуп Урыстәыла Аҳәынҭқарратә думахь алхрақәа.

АҞӘА, нанҳәа 25 — Sputnik. Аԥсны алхратә ҭыԥқәа рҟны имҩаԥысраны иҟоуп Аҳәынҭқарратә Думахь заанаҵтәи алхрақәа. Алхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп цәыббра 6 – 10 рзы. Абри аҩыза ақәҵара рыдыркылеит Урыстәыла Ацентртә алхратә комиссиаҟны.

Заанаҵтәи абжьыҭирақәа мҩаԥысраны иҟоуп цәыббра 16 рзы алхратә ҭыԥқәа 8081; 8082 рҟны (Египет, ақалақьқәа Каири Александриеи). Абри амш аҽны рыбжьы рҭир алшоит алхратә ҭыԥ 8020 аҟны, Алжир, алхратә ҭыԥ 8098 аҟны Рамала (Палестина), алхратә ҭыԥқәа 8024; 8025 рҟны ақалақьқәа Кабули Мазари-Шарифи рҟны (Афганистан).

Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба - Sputnik Аҧсны
Ҳаџьымба: алхрақәа ишахәҭоу еиԥш имҩаԥгатәуп

Цәыббра жәибыжь рзы заанаҵтәи абжьыҭира ҟалоит Катар (алхратә ҭыԥ 8156, ақалақь Доха), Бангладеш (алхратә ҭыԥ 8036, ақалақь Дакка). Заанаҵтәи абжьыҭира мҩаԥысуеит асааҭ 08:00 инаркны асааҭ 20:00 рҟынӡа.

Уи адагьы заанаҵтәи абжьыҭира алшоит Валенсиа (Испаниа, алхратә ҭыԥ 8117), Австралиеи, Португалиеи, Норвегиеи рықалақьқәак рҟны.

Иааидкыланы заанаҵтәи абжьыҭирақәа рзин ыҟоуп 40 тәыла рҟны, алхратә ҭыԥқәа 61 рҿы.

Цәыббра 10 — 11 рзы алхрақәа мҩаԥгахоит Ҭырқәтәыла (Измир, Бурса Аланиа). Цәыббра 5 — 9 рзы Аахыҵ Уаԥстәыла, цәыббра 6 — 10 рзы Аԥсны имҩаԥысраны иҟоуп заанаҵтәи абжьыҭирақәа.

Заанаҵтәи абжьыҭирақәа мҩаԥысраны иҟоуп иара убасгьы Болгариа, Пакистан, Еквадор, Конго, Нигериа, Боливиа, Индиа, Ирак, Таиланд, Марокко.

Ажәабжьқәа зегьы
0