Анатоли Богатырев: иаасырԥшырц сҭахуп аԥсуа лакәқәа рҟынтә ахаҿсахьа ссирқәа

© Sputnik / Томас ТхайцукАнатоли Богатырев 40 шықәса инареиҳаны амҿы аҭҟара инапы алакуп
Анатоли Богатырев 40 шықәса инареиҳаны амҿы аҭҟара инапы алакуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Бзыԥ ақыҭан инхо Анатоли Богатырев 40 шықәса инареиҳаны амҿы аҭҟара инапы алакуп. Раԥхьатәи иусумҭа ашыц иалхын, акинофильм "Человек- амфибия" аҟынтә ахаҿсахьа, иара 35 сантимерт иҟан.

Sputnik, Рада Ажиба

Аԥсуа мифологиа, аҭоурых, аиашеи-амци реиҿагылара, аҳәса-ахацәа рыбзиабара, аиҩызара, аиашьара, аурыс культура, асабардақәа уҳәа ирацәаны аусумҭақәа уԥылоит амҿы аҭҟара знапы алаку Бзыԥҭа ақыҭан инхо анапҟаза Анатоли Богатырев иусумҭақәа рхыԥхьаӡараҿы. 

Анатоли Богатырев аҟаза — ашәыгә, 40 шықәса инареиҳаны амҿы аҭҟара инапы алакуп. 1962 шықәсазы акинофильм "Человек- амфибия" анҭыҵ ашьҭахь, иара раԥхьатәи иусумҭа инапы иҵихит, иара ашыц иалхын, 35 сантиметр ыҟан.

"Сҭаацәа аткьац рнапы алакын, саргьы 12 шықәса анысхыҵуаз инаркны дара срыцхраауан, уи аҟынтә амҿы аус адулара снапы алакын. Ара сахьынхо, Бзыԥ аԥшаҳәаҟны, аӡиас ирацәаны амҿы аҟәара иқәнагалоит, уи сара аҩныҟа аагара салагеит аус адуларазы. Раԥхьатәи сусумҭа аныҟасҵаз аахыижьҭеи акыр шықәса ҵит, иагьысхашҭхьеит иара закәыз", —  ҳәа дахыхәмарны дцәажәоит анапҟаза.

Анатоли Богатырев иажәақәа рыла, иара акырџьара аус иуан иҭаацәара ныҟәигарц азы, аха амҿы аҭҟара дшаҿыц даҿын. Иара бзиа ибаны ишьҭихыз аус иҭаацәагьы ахаҵгылеит.

"Сани саби русураҿы аџьабаа рбон, уи азы срыцхраауан, аха амҿы аҭҟара саналага, акы саҿызар иԥырхагахаӡомызт. Аӡиас аҟәара аҟынтә иаазгон еиуеиԥшым амҿқәа, аха зегь реиҳа бзиа избо мҿуп — аҭәаҵла. Ари амҿы ахкы акырӡа иҟәымшәышәуп, иуҭаху алыухырц азы иманшәалоуп", — ҳәа иҳәеит Богатырев.

Аҳамҭаҷқәа рыҟаҵара знапы алаку Езаҭ Џьениа. - Sputnik Аҧсны
Арҿиаҩы ирҿиамҭа: Езаҭ Џьениа иҳамҭаҷқәа

Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра ашықәсқәа раан, Анатоли Богатырев Бзыԥҭатәи агоспиталь аусзуҩцәа дрыцхраауан, алашарбага рыгхартә иҟаиҵомызт. Аибашьра атематика ирацәаны ианыԥшуеит  иусумҭақәа.

Анатоли Богатырев иусумҭақәа шәрыхәаԥшыр ҟалоит абра

"Аԥсны аибашьра ианалага сҭаацәа Ҟәбанҟа идәықәысҵеит, сара Бзыԥҭатәи агоспиталь аҟны аус зуан. Аамҭа цәгьақәа рнаҩс, аибашьра анеилга сусурақәа рыҟны иаасырԥшит аибашьра атематика. Амҿы аҭҟараза иаасырԥшит зхатә гәаԥхарала еибашьуази, анацәа ргәаҟреи, Лаҭатәи атрагеидиеи, Гәымсҭатәи ацҳаи уҳәа ирацәаны. Сара есымша сазҿлымҳауп аҭоурых. Амҿылатәи аусумҭақәа рыла акәзаргьы сашьҭоуп аҭоурых, акультура аиқәырхара", — ҳәа азгәеиҭеит Богатырев.

Амҿы аҭҟара аамҭа рацәа аҭахуп, аус здууыло амаҭәахә ииашаны уазнеироуп, аусура уалагаанӡа иаразнак ухаҟны иааироуп иҟауҵарц иуҭаху.

"Амҿы аҟәара аҟынтә ишаазгалак еиԥш исырԥшшоит, нас исрыцқьоит, анаҩс еиуеиԥшым амаругақәа рыла аусура салагоит. Иҟауҵо асахьа иуадаҩзар, иуҭаххо амаругақәагьы зынӡа иҵарызар ауп, ипазар ауп, роурақәагьы маҷымзар ауп. Аҭҟара атехникагьы еиԥшӡам, сара иҟасҵо еиҳа иҵаулоу ауп, еиҳа ахаҿсахьақәа еилфаҷа ианыубо еиҳа исҭахуп", — ҳәа ациҵеит аҟаза.

Иахьа, анапҟаза инапы алакуп асаркьа зтеиргыло адаԥа аҟаҵара, уи аԥсуа ашәарыцара атематика иадҳәалоуп.

"Ари аусумҭа саҿижьҭеи акыр ҵуеит. Уи зыхҟьаз аԥхын аамҭа ауп. Сара еиҳарак аус зуеит аӡынра, иара ари аус аҿгьы ахьшәашәарақәа еиҳа аус унаруеит. Уажәы сызҿу асаркьа адаԥа ашәарыцара иазкуп. Ара иҭаԥҟахоит ашәарыцаҩ ихаҿсахьа, илабашьа ала иишьыз аԥстәқәа рхаҿсахьақәа уҳәа, ашәарыцара иадҳәалоу зегьы. Абас еиԥш иҟоу аԥсуа цәаҩа злоу атемақәа амҿаҟны рҭаԥҟара сҭахуп. Иҟасҵахьо маҷысшьоит. Иахьа сызҿу анхсырқәшалак, снапқәа ируны иҟалар иаасырԥшырц сҭахуп аԥсуа лакәқәа рҟынтә ахаҿсахьа ссирқәа", — ҳәа игәҭакқәа дырзааҭгылеит Анатоли Богатырев.

Анапҟаза ду амҿы аҭҟара инапы алакижьҭеи есымша иҭахын иусумҭақәа рбара зҭаху рзы ацәыргақәҵа аиҿкаара, уи игәҭакы нагӡахеит жә-шықәса раԥхьа, 2006 шықәсазы.


Ажәабжьқәа зегьы
0