Шьамтәыла аҭагылазаашьа ООН иалацәажәоит

© Sputnik / РИА Новости / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАрхивтә фото.
Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Уаанӡа шьамтәылатәи ар рнапхгара аҳәамҭа ҟарҵахьан атеррористцәа иаанкыланы ирымоу Аллепо арратә операциа ишалаго азы.

АҞӘА, цәыббра 26 — Sputnik. ООН Ашәарҭадаратә хеилак аилатәара мҩаԥысит амҽыша, асааҭ 11.00 рзы Ниу-Иорк (18.00 мск). Аилатәара азкуп Шьамтәылатәи аҭагылазаашьа. Аилатәара апрограмма рыланарҵәеит аиҿкаара апресс-маҵзура.

Аиԥылара еиҿкаауп Британиа ду, Франциа, ЕАШ (США) раԥшьгарала. Уаанӡа шьамтәылатәи ар рнапхгара аҳәамҭа ҟарҵахьан атеррористцәа иаанкыланы ирымоу Аллепо арратә операциа ишалаго азы.

Ар рнапхгара алаҳәара ҟарҵеит аҭынч уааԥсыра атеррористә гәыԥқәа ахьыҟоу аҭыԥқәа рахь инеиларц. Иара убасгьы урҭ иазгәарҭеит иарбанызаалак граждантә обиектк ажәылара шазымхо, атеррористцәа робиектқәа ракәзар, урҭ уаанӡа иҭаԥшыхәуп.

ООН Амаӡаныҟәгаҩ хада Пан Ги Мун Аллепо иҟоу аҭагылазаашьа ахҳәаа азуа иҳәеит шьамтәылатәи ар ржәылара ашьҭахь адыррақәа шыҟаз, ззин ыҟам абџьари аџьаԥҳани ахархәара рыҭан ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0