Ҳаџьымба: қарҭаа ргеополитика зегьы иреиҳаны иахәаԥшуеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба
Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба далахәын Дагомыс имҩаԥысуаз ХХ ажурналистцәа рфестиваль "Вся Россия".

АҞӘА, цәыббра 29 – Sputnik. Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба далахәын Дагомыс имҩаԥысуаз ХХ ажурналистцәа рфестиваль "Вся Россия". Афестиваль аҟны дықәгыло ахҳәаа аиҭеит Қырҭтәыла Аԥыза-министр Квирикашвили ООН Ассамблеиа хада атрибуна аҟынтәи дықәгылан иҟаиҵаз аҳәамҭа ҳәа аанацҳауеит атәыла Ахада иофициалтә саит.

Ҳаџьымба иазгәеиҭеит НАТО Варшаватәи асаммит аҟны 2016 шықәса рзы ишыӡбаз алианс Амшын Еиқәа арегион иахьаҵанакуа аҟазаара арҭбаара гәҭакны ишамоу.

"Абри аҩызаан Аԥсны аҭагылазаашьа Урыстәыла аладатәи аҳәааҟны ашәарҭадара иаелемент хаданы иҟалоит", ҳәа азгәеиҭоит атәыла Ахада.

Рауль Ҳаџьымба иара убасгьы далацәажәеит Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи реизыҟазаашьа аҿиараҟны Аԥсны инанагӡарц иалшо ароль атәы.

"Иахьа, ҭырқәтәыла иҟоу ҳадиаспора зҽеидкыланы иҟоу мчроуп. Аԥсны аинтересқәа Ҭырқәтәыла ирыҵагылоит. Ус шакәу аанарԥшуеит Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи реимак аан Аԥсны цәажәарада Урыстәыла иахьадгылаз".

Аԥсны Ахада иқәгылараҟны дазааҭгылеит Урыстәыла ахә ҳаракны ишашьо Аԥсни аԥсуа диаспореи реизыҟазаашьа бзиа.

Ажәабжьқәа зегьы
0