Кәтолтәи ашколхәыҷқәа аконцерт мҩаԥыргеит

© Sputnik / Томас ТхайцукКәтолтәи ашколхәыҷқәа аконцерт мҩаԥыргеит
Кәтолтәи ашколхәыҷқәа аконцерт мҩаԥыргеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахақәиҭра Ашҭа аҟынтәи “Аҧсҭазаара амҩа” ҳәа хыс измоу автомашьынақәа рколонна аныҟәара иадҳәалоу аусмҩаҧгатә мҩаԥгахоит цәыббра 29-30 рзы. Уи иалагӡаны ақыҭақәа Аԥсны Мрагыларатәи ақыҭақәа Аӡҩыбжьа, Аҭара, Тамшь, Кәтол, Џьгьарда иалсуеит.

КӘТОЛ, цәыббра 29 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ахақәиҭра Ашҭа аҟынтәи “Аҧсҭазаара амҩа” ҳәа хыс измоу автомашьынақәа рколонна аныҟәараан, изҭааз Кәтол ақыҭантәи ашколхәыҷқәа еиҿыркааит аконцерт. Абри атәы ааицҳаит автоколонна иацу Sputnik акорреспондент.

“Аҧсҭазаара амҩа” алахәылацәа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵоит - Sputnik Аҧсны
“Аҧсҭазаара амҩа” алахәылацәа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵоит

Аибашьра аветеранцәа гәахәарыла ахәыҷқәа инарыгӡоз ашәақәа рыцырҳәон, напеинҟьарыла рхы-ргәы азҭарҵон.

Ҩымш рыла аколлонна 200 километра иахысуеит, 50 рҟынӡа автомашьына алахәуп. Аиҿкааҩцәа ргәаанагарала акциа еиҳарак иззырхоу аҿар аибашьра аамҭеи аҭоурыхи радыԥхьалароуп.

Автомашьынақәа рколонна алахәылацәа, Сергеи Багаҧшь анышә дахьамадоу аҭыԥаҿы ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа мҩаҧыргоит. Иара убасгьы уи аҩыза ацеремониа мҩаԥгахоит Ахақәиҭра Ашҭаҿи Владислав Арӡынба анышә дахьамадоу аҳаҭгәын аҿи.

Ажәабжьқәа зегьы
0