Аԥсны зхы ақәызҵаз аҵеицәа рбаҟа амҵан ашәҭқәа шьҭарҵеит Гагратәи ахәыҷбаҳчақәа рааӡамҭацәа

© Фото : Сида ЖьиԥҳаАԥсны зхы ақәызҵаз аҵеицәа рбаҟа амҵан ашәҭқәа шьҭарҵеит Гагратәи ахәыҷбаҳчақәа рааӡамҭацәа
Аԥсны зхы ақәызҵаз аҵеицәа рбаҟа амҵан ашәҭқәа шьҭарҵеит Гагратәи ахәыҷбаҳчақәа рааӡамҭацәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра зхы ақәызҵаз аҵеицәа рбаҟа амҵан, ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит Гагра ақалақьуаа хәыҷқәа.

ГАГРА, цәыббрамза 29 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Есышықәса, Аиааира амш аламҭалаз, Гагратәи ахәыҷбаҳчақәа рҟны имҩаԥысуеит аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа.

Иахьа, Гагратәи ахәыҷбаҳча "Мрамза" аиҳабыратә гәыԥқәа рҟны еиҿкаан аныҳәатә программа.

Кәтолтәи ашколхәыҷқәа аконцерт мҩаԥыргеит - Sputnik Аҧсны
Кәтолтәи ашколхәыҷқәа аконцерт мҩаԥыргеит

Сааҭк иалагӡаны ахәыҷқәа рымчала иаарԥшын аҭынч ԥсҭазаареи уи еиԥзырҟьаз аибашьра хлымӡаахи. Ахәыҷбаҳча ааӡамҭацәа, рықәра зынӡа ишмаҷугьы, рхарҿы ианубаалон, инарыгӡоз арольқәа шаҟа ргәаҵанӡа инеиуаз.

Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра атема иацҵо, ахәыҷқәа ирыԥхьеит ажәеинраалақәа. Апрограмма хырқәшан Аиааира иахьӡынҩылаз аԥсуа кәашарала.

Анаҩс, ахәыҷқәа рааӡаҩцәа рыцны, ашәҭқәа рыманы инаӡеит Ахьӡ-аԥша апаркнӡа. Араҟа доусы абаҟа аҿаԥхьа дхырхәаны, ашәҭқәа шьҭеиҵеит.

Гагратәи ахәыҷбаҳча "Мрамза" аиҳабыреи ааӡаҩцәеи хықәкыс ирымоуп, изызҳауа абиԥара ишыхәыҷу натә апатриотизм рылааӡара. Убри аҟнытә, ҳтәылазы ихадоу арыцхәқәа раан, ахәыҷбаҳчақәа рҟны еиҿыркаауеит агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа. Ахәыҷқәа идеилдыркаауеит рабдуцәа бџьарла ишеиқәдырхаз ари атәыла.

Хымԥада, аԥсуа милаҭ иатәу ахәыҷқәа, аибашьра атәы змаҳац дыҟам, аха уеизгьы дара ироуоит иҿыцу адыррақәа.

"Абар иааҳадгылеит ҳмилаҭ азы иԥшьоу аныҳәа, Аиааира амш. Аԥсны иқәынхо хәыҷи дуи раԥхьаҟа еибашьра ҟамлааит, ҳажәлар ирбаз рызхазааит. Иахьа иаҳааӡо ахәыҷқәа рыԥсадгьыл ишахәҭоу еиԥш амаҵ азыруртә еиԥш, иҵеицәа иашаны иазгылааит", — лҳәеит ахәыҷбаҳча "Мрамза" аиҳабы Белла Кокосқьырԥҳа.

Аныҳәатә программа иаҭааз аҭаацәа ракәзар, ахәыҷбаҳча анапхгареи ааӡаҩцәеи иҭабуп ҳәа рарҳәеит, рхәыҷқәа алархәны, абас еиԥш аныҳәа ахьеиҿыркааз.

"Ҳара ҳаиҳараҩык аибашьра иалиааз ҳауп, убри аҟнытә ибзианы иаҳдыруеит, аибашьра ашьҭахьтәи аҩадаҩрақәа. Ҳҭаацәа ргәы рыхьуан иахьҳагрыжьуаз, дара рзы иахадаз амлеи ахьҭеи ҳацәыхьчара акәын. Аҭынч ԥсҭазаара ҳзаԥызҵаз аҵеицәа ирыбзоураны, ҳара ҳахшара ироуит иссиру ахәыҷра. Убри азы аибашьцәа иҭабуп ҳәа раҳҳәоит. Зыԥсадгьыл зхы ақәызҵаз ракәзар, урҭ наӡаӡа хашҭра рықәым", — ҳәа азгәарҭоит аҭаацәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0