“Аҧсҭазаара амҩа” алахәылацәа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵоит Багаԥшь анышә дахьамадоу аҭыԥ аҿы

© Sputnik / Томас Тхайцук“Аҧсҭазаара амҩа” алахәылацәа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵоит Багаԥшь анышә дахьамадоу аҭыԥ аҿы
“Аҧсҭазаара амҩа” алахәылацәа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵоит Багаԥшь анышә дахьамадоу аҭыԥ аҿы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахақәиҭра Ашҭа аҟынтәи “Аҧсҭазаара амҩа” ҳәа хыс измоу автомашьынақәа рколонна аныҟәара иадҳәалоу аусмҩаҧгатә мҩаԥгахоит цәыббра 29-30 рзы. Уи иалагӡаны ақыҭақәа Аԥсны Мрагыларатәи ақыҭақәа Аӡҩыбжьа, Аҭара, Тамшь, Кәтол, Џьгьарда иалсуеит.

Џьгьарда, цәыббра 29 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ахақәиҭра Ашҭа аҟынтәи “Аҧсҭазаара амҩа” ҳәа хыс измоу автомашьынақәа рколонна аныҟәараан, Џьгьарда ақыҭан анышә иамадоу Аԥсны аҩбатәи Ахада ибаҟа аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит.

Кәтолтәи ашколхәыҷқәа аконцерт мҩаԥыргеит - Sputnik Аҧсны
Кәтолтәи ашколхәыҷқәа аконцерт мҩаԥыргеит

Аибашьра аветеранцәа рколлонна дацны арахь дааиит Аԥсны Ахада ихаҭыԥуаҩ Витали Габниа.

"Ари аныҳәа аиааиреи агәалашәареи ирымшуп", — иҳәоит Габниа.

Автомашьынақәа рколонна алахәылацәа, Сергеи Багаҧшь анышә дахьамадоу аҭыԥаҿы ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа ашьҭахь рымҩа иацырҵеит.

Ҩымш рыла аколлонна 200 километра иахысуеит, 50 рҟынӡа автомашьына алахәуп. Аиҿкааҩцәа ргәаанагарала акциа еиҳарак иззырхоу аҿар аибашьра аамҭеи аҭоурыхи радыԥхьалароуп.

Абри аҩыза ацеремониа мҩаԥгахоит Ахақәиҭра Ашҭаҿи Владислав Арӡынба анышә дахьамадоу аҳаҭгәын аҿи.

Ажәабжьқәа зегьы
0