Гагратәи ашколхәыҷқәа аибашьра аветеранцәа ирҭааит

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаГагратәи ашколхәыҷқәа аибашьра аветеранцәа ирҭааит
Гагратәи ашколхәыҷқәа аибашьра аветеранцәа ирҭааит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Традициала ишаԥу еиԥш, Аиааирамш аламҭалаз Гагратәи ашколхәыҷқәа аибашьра аветеранцәа ирҭааит.

ГАГРА, цәыббрамза 29 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Есышықәсеиԥш, Гагратәи абжьаратә школ №4 аҵаҩцәеи арҵаҩцәеи ашкол адиректори Аиааирамш аламҭалаз, ареспубликатә агәабзиара чаԥарҭатә центр "Аԥсны" аҟны згәабзиара шьақәзыргыло аибашьра аветеранцәа ачеиџьыка рыманы ирҭааит.

Аԥсны зхы ақәызҵаз аҵеицәа рбаҟа амҵан ашәҭқәа шьҭарҵеит Гагратәи ахәыҷбаҳчақәа рааӡамҭацәа - Sputnik Аҧсны
Аԥсны зхы ақәызҵаз аҵеицәа рбаҟа амҵан ашәҭқәа шьҭарҵеит Гагратәи ахәыҷбаҳчақәа рааӡамҭацәа

Иахьа араҟа ргәабзиара еиӷьыртәуеит 30-ҩык аибашьра аинвалидцәа, дара рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Нхыҵ-Кавказынтәи хатәгәаԥхарала иааны еибашьуазгьы.

Аибашьра аинвалидцәа гәахәара дула ирыдыркылеит ашколхәыҷқәа рнеира. Асасцәа аветеранцәа рҿаԥхьа ихырхәеит. Ирыдырныҳәалеит дара рыбзоурала иазгәаҳҭараны иҟоу Аиааирамш.

"Гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит Аиааира амш. Шәара шәхи шәыԥси шәырмеигӡакәа, аибашьра аҵыхәтәантәи амшынӡа аӷа шәиҿагылан. Шәарҭ шәеиԥш иҟоу афырхацәа ҿырԥшыгоуп еиҵагыло абиԥарақәа рзы", — иҳәеит адныҳәаларақәа ҟаҵо, асасцәа ирыцны иааиз Гагра араион аҵара аҟәша аиҳабы Беслан Дбар.

Гагратәи абжьаратә школ №4 иурыс школуп, аха уи анапхгаҩы Гәырам Боџьгәуа, амилаҭ еилаԥса шыҟоугьы, зегьы апатриотизм рылааӡараҿы аус ду мҩаԥигоит. Уи ус шакәугьы агәра умгар залшом.

"Иахьа изызҳауа ахәыҷқәа ирдырроуп, аҭынч ԥсҭазаара баша ишыҟамлаз, уи рыԥсы шахҭну зықьҩыла аибашьцәа. Ҳара иҳалшо зегь ҟаҳҵоит, аибашьра аҭоурых мыӡразы", — ҳәа инаҵишьит ашкол адиректор Гәырам Боџьгәуа.

Ахәыҷқәа ракәзар, аибашьцәа иҭабуп ҳәа рарҳәеит ргәымшәареи рфырхаҵареи рзы.

"Шәара шәыбзоурала, ҳара ҳанхоит зхы иақәиҭу атәылаҿы, иаҳхаҳгоит иссиру ахәыҷра, иаҳҵоит аҵара, инаҳагӡоит ҳхықәкқәа", — рҳәеит аибашьцәа рахь рхы нарханы ашколхәыҷқәа.

Аибашьра аинвалидцәа рыхәҭакахьала, агәцаракра рзаазырԥшыз зегьы иҭабуп ҳәа рарҳәеит.

"Иҭабуп ҳахьышәхамшҭуа. Шәара шәеиԥш иҟоу аҿар анаҳбо ҳгәы азҳауеит. Агәра ҳгоит Аԥсны шәҵеицәа иашаны шәшазгыло", — ҳәа азгәарҭеит аветеранцәа.

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаГагратәи ашколхәыҷқәа аибашьра аветеранцәа ирҭааит
Гагратәи ашколхәыҷқәа аибашьра аветеранцәа ирҭааит - Sputnik Аҧсны
Гагратәи ашколхәыҷқәа аибашьра аветеранцәа ирҭааит

Аибашьра аветеранцәа ирҳәеит, дара рхаан арҵаҩцәа бзиацәа шрымаз. Урҭ ирыларааӡаз апатриотизм иалнаршеит аԥсадгьыл аиқәырхарагьы. Убри аҟнытә, арҵаҩцәа рахь рхы нарханы, ҩаԥхьа рааԥсара ду азы иҭабуп ҳәа рарҳәеит.

Агәабзиарачаԥарҭатә центр аҟны згәабзиара шьақәзыргыло аинвалидцәа рхыԥхьаӡараҿы дыҟоуп, 1980 шықәсазы Москва имҩаԥысуаз олимпиатә хәмаррақәа рҟны аџьаз иаԥсахаз, Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз, "Агәымшәаразы" амедал занашьоу Саида Гәынԥҳа. Ларгьы аҭагылазаашьа лхы иархәаны Аԥсны жәлар ирыдылныҳәалеит Аиааиармш. Ирзеиӷьалшьеит анасыԥ лашеи агәабзиара цқьеи.

Ажәабжьқәа зегьы
0