Гагра араион Ахадара аиҳабы Заур Бганба аибашьра аинвалидцәа дырҭааит

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаГагра араион Ахадара аиҳабы Заур Бганба аибашьра аинвалидцәа дырҭааит
Гагра араион Ахадара аиҳабы Заур Бганба аибашьра аинвалидцәа дырҭааит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гагра араион Ахадара аиҳабы Заур Бганба агәабзиара чаԥарҭатә центр аҟны аибашьра аинвалидцәа дрыдныҳәалеит.

ГАГРА, цәыббрамза 29 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Гагра араион Ахадара аиҳабы Заур Бганба, ареспубликатә агәабзиара чаԥарҭатә центр "Аԥсны" аҟны згәабзиара шьақәзыргыло аибашьра аинвалидцәа дрыдныҳәаларц дырҭааит.

Араион аиҳабы аветеранцәа рахь ихы нарханы иҳәеит, Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра цонаҵы, ҳҵеицәа зегьы рхы иамеигӡакәа Аиааирамш арааигәатәразы ирылшоз зегь шыҟарҵоз. Аӷа ихымца аӡәгьы далнахомызт, џьоукы ргәы кылнаблаауан, даҽа шьоукых имӷьо ахәрақәа рзыннажьон.

"Шәареи ҳареи аибашьрахь ҳаицны ҳцеит. Сара ишәыцеибашьуаз шәҩыза иаҳасабалоуп иахьа сызшәыдныҳәало. Гагра араион анапхгара еснагь ишәывагылазаауеит, ишәзаадырԥшлоит ацхыраара", — ҳәа инаҵишьит иара.

Гагра араион Ахадареи араионтә Еизара адепутатцәеи рыхьӡала, ареспубликатә агәабзиара чаԥарҭатә центр ҳамҭас иаҭан 100 нызқь мааҭ аԥара.

Аибашьра аинвалидцәа рыхәҭакахьала Заур Бганба иҭабуп ҳәа иарҳәеит иааирԥышз ацхырааразы.

Ажәабжьқәа зегьы
0