Иорданиатәи ансамбль "Ахли" Гагра иқәгылеит

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаИорданиатәи ансамбль "Ахли" Гагра иқәгылеит
Иорданиатәи ансамбль Ахли Гагра иқәгылеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иорданиатәи ансамбль "Ахли" Аиааирамш аламҭалаз Гагратәи акультура аҩнаҟны аконцерт мҩаԥнагеит.

ГАГРА, цәыббрамза 29 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Иорданиатәи ансамбль "Ахли" Аиааирамш аламҭалаз Гагратәи акультура аҩнаҟны аконцерт мҩаԥнагеит. Артистцәа инарыгӡеит Кавказ амилаҭ кәашарқәа быжьба.

Ансамбль шьақәгылоуп 22-ҩык акәашацәа рыла. Дара рахьтә аӡәы заҵәык Жанна Леиԥҳа лоуп зхатәы бызшәа здыруа. Лара излаҳаиллыркааз ала, ансамбль ахьӡ "Ахли" араб бызшәала еиҭоугозар "сҭаацәа" ауп иаанаго. Араҟа икәашоит Иорданиа иҟоу ачерқьестә акультуратә-спорттә Хеилак иалоу Кавказ ажәлар рхаҭарнакҵәа, иаҳҳәозар адыгаа, аҟабардаа, аԥсуаа, ауаԥсаа, ачеченцәа.

Жанна Леиԥҳа иаҳзеиҭалҳәеит ансамбль ахьӡ "Ахли" ахьынтәаазгьы.

"Амҳаџьырра ашықәсқәа раан, Иорданиа зҽеидкыланы иҟаз Кавказ ажәларқәа рхаҭарнакцәа деиқәдырхеит аӷацәа иҭадырхараны иҟаз аԥсҳа Хәсеин. Убри нахыс, Кавказаа Рхеидкыла аԥсҳа Хәсеин "Ахли" — "сҭаацәа" ҳәа дашьҭан. Ансамбль Кавказаа Рхеидкыла аҩнуҵҟа иит аҟнытә, абри ахьӡ ахылеит", — лҳәеит акәашаҩ.

Жанна Леиԥҳа Аԥсны дынхоижьҭеи уажәшьҭа жәашықәса ҵуеит. Лара лаб Ҳалдун Леиба Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра далахәын.

Гагра араион Ахадара аиҳабы Заур Бганба аибашьра аинвалидцәа дырҭааит - Sputnik Аҧсны
Гагра араион Ахадара аиҳабы Заур Бганба аибашьра аинвалидцәа дырҭааит

Ҵыԥх аԥхынразы, Жанна Леиԥҳа Иорданиа дцаны, аԥсуаа рхатәы бызшәа дырҵара лҽазылшәеит. Ааигәоуп лара ҩаԥхьа Аԥсныҟа даныхынҳә.

Ансамбль ақәгылара гәахәара дула ирыдыркылеит ахәаԥшцәа зегьы. Хәыҷи дуи рнапеинҟьабжь еихсыӷьуамызт.

Уамашәа иумбарц залшом, ашәышықәсқәа шҵхьоугьы, атәым дгьыл ахь иахнагаз Кавказ ахаҭарнакцәа иахьа уажәраанӡа ркультура ахьеиқәдырхаз.

Артистцәа акәашарақәа анынарыгӡоз рыблақәа аццышә хыубаалон. Дара рзы даара акраҵанакуан рыԥсадгьыл гәакьаҿы иааны рашьцәеи раҳәшьцәеи иахьырзыкәашоз.

Ансамбль "Ахли" аиҳабы Ҳамид Абзаӷь Иорданиа ааԥхьара ииҭеит адыгаа ирхылҵшьҭороу Артур Алибердов, иара иоуп арҭ акәашарақәа артистцәа идзырҵаз.

Гагра араион Ахадара аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Геннади Цәыџьба ансамбль анапхгаҩи алахәцәеи иҭабуп ҳәа реиҳәеит, Аиааирамш аламҭалаз Аԥсны иааны рашьцәа иахьрыдырныҳәалаз.

"Аиашазы ҳшәыршанхеит, ҳгәы шәырԥшааит. Шәара атәым дгьыл аҟны шәшыҟоугьы, уахи ҽни шәыԥсадгьыл азы шәгәы былуеит. Ҳадгьыл иаҟәыганы иҟоу, ашықәс еиқәаҵәақәа раан кьыс рымамкәа иҟазҭгьы, ахаан ҳтәыла аӡәгьы дшақәымлоз агәра шәсыргоит", — иҳәеит Геннади Цәыџьба.

Жанна Леиԥҳа иазгәалҭеит лгәы шыхыҭ-хыҭуаз абри асценаҟны даныкәашоз. Аҭагылазаашьа лхы иархәаны, иҭабуп ҳәа ралҳәеит ансамбль Аԥсныҟа аара алзыршаз Кавказ ажәларқәа Рхеидкылеи атәыла Ахада Рауль Ҳаџьымбеи.

Асценахь инеиз ансамбль анапхгаҩы Ҳамид Абзаӷь еизаз зегьы ирыдиныҳәалеит Аиааирамш.

"Кавказ амилаҭқәа рхаҭарнакцәа амҳаџьырра ишахнагазгьы, рыԥсадгьыл ргәы иҭоуп. Уи ахьаа рхьаауп, агәырӷьара ргәырӷьароуп. Атәым дгьылқәа рҟны инхо Кавказаа рхаҭарнакцәа аӡәк еиԥш иҟоуп. Ииашоуп зегьы рхатәы бызшәала изцәажәом, аха уи аҵара иашьҭоуп" — иҳәеит ансамбль "Ахли" аиҳабы.

Артистцәеи ахәаԥшцәеи акраамҭа еидыҵуамызт. Бызшәала ишизеилеибымкаауазгьы урҭ аӡәи-аӡәи ргәыблыра рхарҿы ианубаалон.

Ажәабжьқәа зегьы
0