Кобахьиа: Драндатәи абахҭа аиҳабы даанкылоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАслан Кобахия.
Аслан Кобахия. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2016 шықәса цәыббра 30 ауха Драндатәи абахҭаҟынтәи ибналеит хҩык ацәгьоуцәа: Гурам Инаԥшьба, Реваз Угрехелиӡе, Бачуки Латариа.

АҞӘА, жьҭаара 3 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. 2016 шықәса цәыббра 30 ауха Драндатәи абахҭаҟынтәи ибналеит хҩык ацәгьоуцәа: Гурам Инаԥшьба, Реваз Угрехелиӡе, Бачуки Латариа. Урҭ рыбналара инадҳәаланы иаанкылоуп амилициа аусзуҩцәа жәҩык, урҭ рыгәҭа – абахҭа аиҳабгьы дыҟоуп иҳәеит Аԥсны Аҩныҵҟатәиа усқәа рминистр Аслан Кобахьиа ашәахьа, жьҭаара 3 рзы имҩаԥигаз абрифинг аҟны.

"Аԥснытәи абахҭаҟынтәи амилициаа рыцхыраарада бналашьа ыҟаӡам. Ацәгьоуцәа бналеит асааҭ ҩбеи бжаки рзы, цәыббра 30 ауха", — иҳәеит иара.

Аминистр иажәақәа рыла даанкылоуп амилициа аусзуҩыԥҳәыс. Уи ибналаз дрыдҳәалоуп ҳәа иазыԥхьаӡоуп. Иара иазгәеиҭеит уажәтәи аамҭазы ахҭыс аҭагылазаашьақәа рыҭҵаара ишаҿу. Ахара зду иқәнага дақәыршәахоит ҳәа далацәажәеит аминистр.

Архивное фото СИЗО Дранда - Sputnik Аҧсны
Џьелиа: "Дранда" зҳәатәы ылнаго анапхгаҩы даҭахуп

"Ҳара иҳалшо ҟаҳҵоит ибналаз раанкыларазы. Урҭ Қырҭтәылаҟа ииасны рхы шәарҭамкәа ирбозар, иажьеит", — иҳәеит иара.

Абналара амилициа аусзуҩцәа ралахәра чарҳәароуп, иҳәеит Кобахьиа.

Рауль Қриа аамҭала абахҭа аиҳабы инапынҵақәа неигӡоит.

Жьҭаара 1 —2, 2016 шықәса рзы, хҩык ацәгьоуцәа— Гурам Инаԥшьба, Реваз Угрехелидӡе, Бачуки Латариа иаркымыз ашәқәа ирыҩнысны абахҭа административтә корпус ахь инеиит. Уаҟа иҷаԥшьоз амилициа аусзуҩцәа аушьҭырҭатә пункт иахьахыламԥшуаз иахҟьаны идәылҵны ибналеит. Бачуки Латариа, Хоби ақыҭан инхоз абри абахҭаҟынтәи дыбналахьан ԥхынҷкәын 10 2015 шықәса рзы. Аха усҟан иара убри амш азы даанкылан. Бачуки Латариа 2014 шықәса раахыс ашьауӷа ихигоит Аԥсны ашьаустә Кодекс ахәҭаҷ 119 ахәҭа 2 инақәыршәаны. 12 шықәса ихигараны дыҟоуп.

Иахьатәи аамҭазы ацәгьоуцәа ахьыҟоу аилкааразы ауснагӡатәқәа мҩаԥыргоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0