Џьеффри Монсон "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" ацхыраара аиҭеит

© Foto / Сырма АшәԥҳаЏьеффри Монсон "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" ацхыраара аиҭеит
Џьеффри Монсон Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны ацхыраара аиҭеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Еицырдыруа Америкатәи Урыстәылатәи ақәԥаҩ Џьеффри Монсон, иахьа Аԥсны ихы злаирхәраны иҟоу еилаԥсоу аиқәԥаразы аиндаҭлара иалагаанӡа, "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" аусбарҭа даҭааит.

АҞӘА, жьҭаара 6 — Sputnik, Сырма Ашәԥҳа. "Аԥсны Аҳәынҭқарра ҳаҭыр зқәу атәылауаҩ" Џьеффри Монсон иҳәеит, ҳтәылеи уи иқәынхо ҳауаажәлари ацхыраара рыҭара дшазыхио. Аҟыбаҩ ҷыда змоу аспорт азҟаза Џьеффри, ҟазшьала ауаҩы дизааигәоуп. Иара агәыҳалалратә усқәа инапы рылакуп, занааҭла хәыҷтәы ԥсихологуп. Лассы-лассы ацхыраара аиҭоит акьыба чымазара зыхьуа Урыстәылатәи ахәыҷқәа рцентр, иара убас ахәыҷтәы ҩнқәа.

"Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" аспорт аҿиареи, ахәыҷқәа ргәабзиара ахьчареи рзы имҩаԥнаго апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны, Џьеффри Монсон агәаҳәара ааирԥшит афонд адгылара аҭара, аԥхьаҟа аусеицура аҳәаақәа рырҭбаара. Џьеффри Монсон иахьа афонд ахь аԥаратә лагала ҟаиҵеит ахәыҷқәа ргәабзиара ахьчаразы анаҩстәи апроектқәа рырҿиаразы. 

"Сара исылшо зегьы ҟасҵарц сҭахуп адунеи иқәынхо ауаа Аԥсны заку дырдырразы. Шәфонди сареи аусеицура ҳабжьазарц сҭахуп, сгәы иаанагоит ахәыҷқәа рыцхырааразы еицаҳзеиԥшу апроектқәа рынагӡара шҳалшо", —иҳәеит  Џьеффри Монсон. 

Ахәҭакахьала, "Жәларбжьаратәи афонд  Аԥсны" ахада Сонер Гогәуа иазгәеиҭеит зыхьӡ нагоу ауаҩы Аԥсныҟа иаара агәахәа шалихыз.

"Шәара иҟашәҵо ацхыраара ҳара даара ахә ҳаракны иаҳшьоит. Аспорт аҿиареи ауаа рыцхыраареи аус рҟны шәлагалазы иҭабуп ҳәа шәасҳәоит. Иара убас, ҳфонд имҩаԥнаго аусурақәа адгылара ахьрышәҭо даараӡа ицхыраагӡаны ҳахәаԥшуеит", — ҳәа азгәеиҭеит Сонер Гогәуа. 

Аиԥылара ахыркәшамҭазы Сонер Гогәуа асас аҳамҭақәа ианеишьеит. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟан аҟамеи ахҭырԥа шкәакәеи. 

 


Ажәабжьқәа зегьы
0