Косиан: аџьатә кодекс ҿыц иахьатәи ҳреалиақәа ирықәшәоит

© SputnikАпарламент аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Вагаршак Косиан.
Апарламент аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Вагаршак Косиан. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аџьатә кодекс ҿыц аусура иалагоит атәыла Ахада иақәшаҳаҭра ашьҭахь 2017 шықәса ажьырныҳәамза инаркны.

АҞӘА, жьҭаара 10 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны аџьатә кодекс ҿыц аусура иалагоит атәыла Ахада иақәшаҳаҭра ашьҭахь 2017 шықәса ажьырныҳәамза инаркны. Аџьатә кодекс ҿыц иахьатәи ҳреалиақәа ирықәшәоит, иҳәеит Апарламент аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Вагаршак Косиан.

"Иахьатәи аусуҩи аусурҭаҭаҩи реизыҟазаашьа шьақәзыртәо аџьатә кодекс аҭахызаара цәырҵит аԥсуа ҳәынҭқарра аиҭашьақәыргылара анымҩаԥыс ашьҭахь", — иҳәеит иара.

Апроект ҿыц еиҿкаауп Казахсҭантәи аԥышәала.

"Сара иҭысҵааит ирацәаны аџьатә кодексқәа, Казахсҭантәи ҳҭагылазаашьа иауарашәаны избеит", — иҳәеит Вагаршак Косиан.

Вагаршак Косиан иҿцәажәара шәазыӡырҩыр ҟалоит абра

"Аԥсны Аҳәынҭқарра аџьатә кодекс аусура алагаразы" ҳәа Азакәан Жәлар Реизара асессиаҟны ирыдыркылеит 2016 шықәса, цәыббрамзазы.

Ажәабжьқәа зегьы
0