Аԥснытәи ҭагалан. Арт-пленер Рица аӡиа аҿы

© Sputnik Анжелика БенияРиҵа аӡиаҟны имҩаԥысыз Арт-пленер
Риҵа аӡиаҟны имҩаԥысыз Арт-пленер - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иҵааз анапқәа. Имбо асахьақәа. Ақәоура шхымкәогьы Риҵа аӡиаҟны ауаа рацәоуп. IV Жәларбжьаратәи арт-пленер "Краски осени Абхазии 2016" иаҭааз атәылауааи асасцәеи рмольбретқәа хыртуп. Аус руеит. Дара реиԥшҵәҟьа аҷыхь лычҳауеит Sputnik акорреспондент Анжелика Бениаԥҳагьы.

Иузымдыруа ҭыԥк ахь уааны, иара аԥсабара аҷыда ҟазшьақәа ҭҵааны ухатәы стиль ала аарԥшра мариаӡам. Уи адагьы аҭагылазаашьа акыр иаруадаҩит амшцәгьы, нас иааҵысыз аԥшагьы. Аха асахьаҭыхыҩцәа афырхаҵара аарԥшны рус иаҿын.

Маҷ-маҷ ицәырҵуа иалагеит аԥсуа шьхақәа, аӡиа Риҵа, Сталин идача. Маҷк аимприссионисттә ҟазшьа рыманы.

Жәларбжьаратәи апленер алахәыла, Воронежтәи асахьаҭыхыҩ Леонид Золотарев иазгәеиҭоит адраматә ҟазшьа зманы уажәы-уажәы зҽызыԥсахуа амш асахьаҭыхыҩ еиҳагьы ицхраауеит ҳәа.

Иара ҩынтәуп Аԥсныҟа даауеижьҭеи.

"Аԥснытәи аԥсабара убасеиԥш иԥшӡоуп, иҭумхыр залшом. Иахьа амра ԥхозҭгьы ҳсахьақәа зынӡа иҽакхон, аҽа цәаныррак рыҵазаауан. Сара схы ныҟәызгоит сҭыхымҭақәа рыҭирала. Аинтерес сымоуп аҭыԥантәи асахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа шырго. Урҭ рыҿцәажәарагь сҭахуп. Асахьаҭыхыҩ изанааҭ иԥсахьынӡаҭоу амаӡақәа аҵидыраалароуп", — иҳәеит Золаторев.

Аҭыԥантәи асахьаҭыхыҩ Анна Лиубосеи иазгәалҭеит Риҵаҟа дааны асахьаҭыхра лҭахижьҭеи акыр шыҵуаз, ҭагалантәи Риҵа ҭылхырц шылҭахыз.

"Сара исҭахын амрашәахәа злыршаз аԥсабара аҭыхра, аха амшцәгьа иаратәы ҟанаҵеит. Иҭаҳхыз аҽакхеит", — лҳәеит лара.

ААУ ахԥатәи акурс астудентка Камилла Арышԥҳа иҭылхыз лгәы иақәшәоит.

"Арт-пленер — ухы агәаҭара алнаршоит. Ари ԥышәоуп. Егьырҭ асахьаҭыхыҩцәа урабадыруеит. Обиектк еиуеиԥшымкәа ишырбо, ишҭырҵаауа адырра аинтерес аҵан", — лҳәеит Камилла.

© Sputnik Анжелика БенияРиҵа аӡиаҟны имҩаԥысыз Арт-пленер
Риҵа аӡиаҟны имҩаԥысыз Арт-пленер - Sputnik Аҧсны
1/4
Риҵа аӡиаҟны имҩаԥысыз Арт-пленер
© Sputnik Анжелика БенияРиҵа аӡиаҟны имҩаԥысыз Арт-пленер
Риҵа аӡиаҟны имҩаԥысыз Арт-пленер - Sputnik Аҧсны
2/4
Риҵа аӡиаҟны имҩаԥысыз Арт-пленер
© Sputnik Анжелика БенияРиҵа аӡиаҟны имҩаԥысыз Арт-пленер
Риҵа аӡиаҟны имҩаԥысыз Арт-пленер - Sputnik Аҧсны
3/4
Риҵа аӡиаҟны имҩаԥысыз Арт-пленер
© Sputnik Анжелика БенияРиҵа аӡиаҟны имҩаԥысыз Арт-пленер
Риҵа аӡиаҟны имҩаԥысыз Арт-пленер - Sputnik Аҧсны
4/4
Риҵа аӡиаҟны имҩаԥысыз Арт-пленер
1/4
Риҵа аӡиаҟны имҩаԥысыз Арт-пленер
2/4
Риҵа аӡиаҟны имҩаԥысыз Арт-пленер
3/4
Риҵа аӡиаҟны имҩаԥысыз Арт-пленер
4/4
Риҵа аӡиаҟны имҩаԥысыз Арт-пленер

Аԥсабара мшы бааԥсы амаӡам, иҳәеит аиҿкааратә еилакы ахантәаҩы, Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Рхеилак алахәыла Нугзар Логәуа.

"Дарбанызаалак асахьаҭыхыҩ ихатә мотив иԥшааит. Риҵа акәзар еснагь иссируп. Арт-пленер сынтәа еиднакылеит Пермь, Новосибирск, Барнаул, Москва, Ҟрым, Уаԥстәыла. Иҟан Ҭырқәтәылантәгьы", — иҳәеит иара.

Хәымш рыҩныҵҟа имҩаԥысуеит арт-пленер. Ихыркәшахоит цәыргақәҵала. Уа иалкаахоит иреиӷьу аҭыхымҭақәа. Урҭ Аԥсны амилаҭтә галереиа афонд иахыԥхьаӡалахоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0